АҞӘА, хәжәк 13 – Sputnik. Раԥхьаӡатәи ипрофессионалтәу аԥсуа театралтә режиссиор Нелли Ешԥҳа лыԥсҭазаара далҵит, ҳәа ааицҳаит Аԥсны Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа.
"Лара лаамҭа иадҳәалоуп аԥсуа театр аформат аԥсахра. Асовет аамҭазы иҟаз атеатртә сценақәа зегьы лара лзы иаартын. Нелли Ешԥҳа атеатр асценаҟны адунеитә классикеи аԥсуа драматургиеи еилалыгӡон. Илылшеит иахьа аԥышәа ду змоу аԥуса артистцәа иахьрызҳауаз асцена аиҿкаара. Нелли Ешԥҳа аҩаӡара ҳарак змоу атеатралтә ҟазара аусзуҩцәа аҵыхәтәантәи рыплеадахь даҵанакуеит", – ҳәа азгәеиҭеит Кобахиа.
Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа Ешԥҳа аԥсуа театр ашьақәгылараҿы ллагала ду дахцәажәеит.
"Нелли Ешԥҳа Аԥсназы дзыԥсаз рацәан. Дрежиссиорын, днапхгаҩын, атеатр дарҵаҩын. Лара лаан ҳтеатр шәҭуан. Асовет аамҭазы ҳтеатр Каквказ иҟоу атеатрқәа иреиӷьу ирхыԥхьаӡалоуп ҳәа азырҳәон. Усҟантәи аамҭазы харџьла ҳбеиамызт, аха ус шакугьы Асовет Еидгылаҟны агастрольқәа мҩаԥылгон, ҳтеатр иахьабалак қәҿиара дула иқәгылон. Лара лзы атеатр аҵакы ӷәӷәан. Ҳара ҳаԥсадгьыл азы лыҟамзаара цәыӡ дууп", – лҳәеит Агәмаа.
Аҵыхәтәантәи Нелли Ешԥҳа лусумҭа – 2009 шықәсазы Аԥсуа драматә театр аҟны иқәлыргылаз Денис Чачхалиа иҭоурыхтә роман "Алыбеи" иалху апиеса акәын.
Нелли Ешԥҳа диит 1928 шықәса, мшаԥымза 25 рзы, Очамчыра ақалақь аҟны. Аԥсны жәлар рартистка ҳәа ахьӡ лыхҵан 2015 шықәса хәажәкыра 5 рзы, иланашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара. Нелли Ешԥҳа иқәлыргылеит 25 инареиҳаны аспектакльқәа.