Дмитри Аргәын: марттәи ажәылара хлымӡааххеит ҳара ҳзы

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Дмитрий Аргун.
Ветеран ВОВ Дмитрий Аргун. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Дмитри Аргәын марттәи ажәылара ахҭысқәа игәалаиршәоит.

АҞӘА, хәжәк 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. 1993 шықәса мартмзазы Аҧсны архәҭақәа Аҟәа ахақәиҭтәразы Гәымсҭатәи афронтала ижәылеит. Уи аамҭа иадҳәалоу игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит ажәылара иалахәыз Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Дмитри Аргәын.

"Сара 22 шықәса схыҵуан. Хәажәкыра 15 ахәылбыҿхан Аҩадатәи Ешыра араион апост ГАИ аҟны иҟаз ҳбатальон абаза аҟынтә аӡиас Гәымсҭа иазааигәаны ҳалбааит. Иҭацәыз ҩнык ҳаҩналаны ҳартиллеритстцәа аӷацәа рпозициақәа рахь ахысра ианбалаго ҳәа ҳаҧшын", — игәалаиршәоит Аргәын.

Аӷацәа рылахысра ианаҟәыҵ ажәылара алахәылацәа аӡиас ирны Аҟәаҟа игоу Аҷандара амҩа хадахь ишықәлаз атәы еиҭаиҳәон Аргәын. "Ҳгәы рӷәӷәаны, ҳамшәо амҩа ҳанын. Ҳҟаауан, ҳаҳәҳәон, ҳаӷа бжьыла дҳаршәарц азы. Иахьа урыстәылатәи абылтәы ҭиирҭа ахьгылоу аҟынӡа даҽа 200 метра бжьан. Ақыҭа амҩақәа руак аҟны игылаз БМП ҳабла иҵашәеит. Атанк ҳаназааигәаха аус аруны ишгылоу еилаҳкааит. Ақырҭцәа ракәызшәа ҳгәы иаанаган, ҳшәан шьҭахьҟа ҳаихеит. Аӡәы БМП иақәкны гранатамиотла дхысп ҳәа акәын. Аҵых асааҭ 3 рахь аус ауан. Атанк аекипаж зегь ыцәазаарын, ианааҧш ҳгәарҭеит, иаразнак еиҭаҵын шьҭахьҟа еихеит, атанк иақәгылаз апулимиотла иҳалахысуа иалагеит. Ҳҩыза Авто Ӡиӡариа ахы иқәшәан дашьит, — иҳәеит Дмитри.

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

Дмитри иҩызцәеи иареи рымҩа иацырҵеит, ус рациала Аҟәа аҭарцәра аоперациа алгара иаҿуп, иалахәу зегьы шьҭахьҟа ихынҳәыроуп ҳәа иаарыцҳаит. "Ҳара аӡиас ҳарит, ҳжәылеит, ҳҩыза даҳцәыӡит. Аҧхьа ҳгылан, ацхыраара ҳҭахын. Апатронқәа, ахәшәқәа ҳҭахын. Арахь ацхыраара шәазымҧшын, излашәылшо ала шәыҧсҭазаара еиқәшәырха ҳәа ҳзаарышьҭит. Имаҷымкәа ҳалҳаршеит, усҟан ацхыраара аарышьҭызҭгьы иҟалап аибашьра еилгазтгьы", — иазгәеиҭеит Аргәын. Ацхыраара ҳәа акгьы шаашьҭымхо анеилыркаа ахьаҵра рҽазыркырц акәхеит, ҳәа еиҭеиҳәоит ажәылара алахәыла.

Дмитри иажәақәа рыла, аҩнқәа ирыбжьысны, Гречко имҩала иахыҵны ацитрустә дәқәа рахь ианцәырҵ абатальон гәыҧ-гәыҧла рҽеиҩыршеит. Аргәын иара убас игәалаиршәеит БМП анрылахысуаз рҩыза Славик Аҩӡба дышҭахаз атәы.

"Макьана цқьа имшацызт. Амандаринқәа рыплантациаҟны ҳаицәыӡит. Ауаҩы ишәара иҟаз аҵлақәа рыбжьара доусы дахьыҟаз агәаҭара уадаҩын, улаҟәны уаҵаҧшыр акәын, аха усҟак аамҭа ҳазҭодаз? Хықәкыс иҳамаз аӡәгьы ҳҽимырбаӡакәа Гәымсҭанӡа ҳнаӡарц акәын, нас уи аӡиас ҳҭаланы егьи аҟәарахь ҳнеирц. Аӡиас Гәымсҭанӡа даҽа 200 метрак акәын инханы иҟаз. Арымарахь еихагыларак гылан, уаҟа аӡәгьы ҳамбаӡеит, арӷьарахьгьы иҭацәын. Ҳабжьы мыргаӡакәа ҳнеиуан. Иҳацыз аӡәы апулимиот иман данныҟәоз апатронқәа рыбжьы гон. Убри ахарала акәхап ақырҭцәа ҳазгәарҭазгьы, дара ҳазвысыз, х-еихагыларак змаз ахыбра иҩнан. Хыхьтәи аихагылараҟынтә автоматла иҳалахысуа иалагеит, полиетилентә пакетла ишәаҳаз аҧенџьыр аҟынтә апатронқәа ҳалаҧсон. Хҩык ҳҩызцә уаҟацәҟьа иҭахеит – урҭ Фридон (Камс) Аҩӡба, Алик Нанба, Герман Ақаҩба", — иҳәеит Аргәын. Уаҳа иахьцоз анырмоу уи ахыбра адгьыл иҵаз ауадахь иҩналеит, игәалаиршәон Дмитри Аргәын.

"Дара хыхь инхеит, ҳара – ҵаҟа. Дара хәҩык раҟара ыҟазар ҟаларын, ҳара ааҩык: сара, Зурик (Кыта) Ҳагәышь, Џьон Кәарацхьелиа, Закан Нанба, Масик Бигәаа, Игорь Дармаа иара убас чкәынак дҳацын, уажә ихьӡ сгәалашәом, Бача ҳәа ҳишьҭан. Уа ҳашцәыаҵатәазгьы ахысра ҳаҿын, агранатгьы сыршәит аха уанӡа имнаӡеит. Ҵаҟа икаҳаит, хәыҷык ҳагын ҳара ҳашьуан. Иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәхеит. Акыга иҭаҧлыз ажьақәа реиҧш ҳтәан. Гәымсҭа аҟынӡа аҩра ҳшахьмӡозгьы еилаҳкаауан, иаразнак ихысны ҳшыршьуаз. Ахысра ҳаҟәыҵны, ажәа бааҧсла ацәҳара ҳалагеит. Ҳара ҳрылаҟаауеит, даргьы аҭакла иҳәҳәоит. Еиҳарак имчыз, ибааҧсыз ажәақәа алҳхуан. Нас ҭынчрахеит".

Дмитри иара иҩызцәеи ақырҭуа еибашьцәа рбаталионқәа руак аҟны ишыҟаз иаразнак ирзеилымкааит. Ақырҭуа солдатцәа анаҩс игылаз аҩнқәагьы ирыҩназаарын. Автоматбжьқәа анраҳа аиҿаххра ахьыҟаз аҭыҧ ахь еихеит аҧсуа солдатцәа амацәаз иҭаркит. Аҧсуа баталион иааигәахоз ақырҭцәа ирылахысуа иалагеит, аӡәы дыршьит, аӡә дырхәит. "Иқәыҧшыз чкәынак иакәын, ахәра иоуз цәгьала даргәамҵуан, дызтәу дыргарц раҳҳәеит. Дара-дара ажәақәак ааимырдан Гагра инхоз қырҭуак даарылҵын ҳара ҳахь дааскьеит. Абџьар икӡамызт. Ҭаҭынк ааиган ҳаирхеит, сара махорка иахоз иахьагьы исгәалашәоит аҭаҭын ахьӡ, иацы акәызшәа — аҭаҭын "Magna" афильтр аманы", — иҳәон Дмитри.

Аргәын излаиҳәо ала ихәыз ақырҭцәа данрырҭа нахыс, аӡиас ирны дара ртәқәа рахь ахынҳәра ргәы ишҭоу иарҳәеит, ианамуӡах аҵыхәтәанынӡа еибашьлоит ҳәа рҳәеит. Ақырҭуа аӡиас аҟынӡа ишынасҭхаиго атәы ажәа риҭеит. "Акьаҿ шкәакәа ҳаҧшаан, алаба иадҿаҳҳәалан ақырҭуа инапы иаҳаркит. Амацәаз дылҭакны Гәымсҭаҟа ҳхы ҳархеит. Аха ҳара ҿҟынтәгьы аӡә даанҳажьырц акәхеит, Игорь Дармаа саангылоит иҳәеит. Идыруаз, аминақәа ахьыҵамыз мҩахәысҭак ала ҳнаигон. Аӡиас ахь амҩа ҳшықәыз ацитрустә плантациа аҟны иаҳцәыӡыз ҳбаталион иалақәаз ҳрыхҭыгәлеит. Даргьы Гәымсҭанӡа изымнеизаап, хәҭак аканава иҭатәан, егьырҭ аиигәа игылаз аҩны иҩнан. Иҳацлан ҳамҩа иацаҳҵеит. Аӡиас ахь ҳанааи, ак акәын инханы иҟаз – Дармаа Игорь дырхынҳәтәын. Адгәыр Шамбеи Ельмар Агәмааи ишьҭалан ицарц рыӡбеит. Ақырҭуа дрыманны амҩан Дармаа деиҭнырԥсахырц ҳгәиҭан", — иҳәеит хәажәкыратәи ажәылара лахәыла.

Уи аамҭазы аҧшаҳәа аҟны иҟаз аҧсуаа, Дмитри иажәақәа рыла урҭ рхыҧхьаӡара ҩажәижәаҩык рҟынӡа инаӡон, аӡиас арра иалагеит. Ашьыжь асааҭ жәба рахь аус ауан. "Ҳаныр нахыс иҳалахысуа иалагеит. Ақырҭцәа Хәылбыҽхан ҳамшала инрыжьыз рҭыҧқәа рахь ихынҳәызар ҟаларын. Џьара акы ҳҽаваҳкит. Хәлаанӡа уаҟа атәара ҳақәшәеит. Аҧшаҳәа зегьы аԥсцәеи ахәцәеи рыла ихҟьан. Ихәыз рӷызбыжьқәа еиқәтәомызт, аӡәгьы рыцхыраара ҳалшомызт, уаанӡа узылбааӡомызт ақырҭқәа хысуан — џьаҳанымҵәҟьан", — игәалаиршәон Аргәын.

Алашьцара анааи нахыс изылшоз зегьы афронт аҳәаа иахысуа иалагеит. Дмитри ихаҭа игәалашәоит алашьцара иҽалак амҩа даныланы дышнеиуаз борак ибан даангыланы иҧсы ишьарц, уаҟа иршарц иӡбит. "Ашә аартны амца аркра салагеит, сахьцо аҭыҧ алхразы. Сшьапқәа рыҵаҟа аматрац, мамзар ҽа маҭәарк еиҧшымыз иҟәамшәышәыз акы саӷрагылеит. Сзыӷрагылаз шыҧсцәаз иаразнак исзеилмыргеит. Алашара цқьа аркра ансылша избаз саршанхеит, ауада зегь ҧсыла иҭәын. Абора акәакь аҟны иҵәыуоз 20 шыәса раҟара зхыҵуаз чкәнак дызбеит. Арҭ иҧсны икажьу зегьы иҩызцәа шракәу иҳәеит". Аргәын излаигәалаиршәо ала, ачкәын ашьа илҵны ицон, иӷәӷәаны дышхәыҷызгьы, ихьӡ ижәла, абораҟны асҟак аҧсцәа рыҟазаара ртәы аҳәара илшеит. Ихәыз аибашьра иалганы иааигозаарын, излаилшоз ала дрыцхыраарц азы, аха ашьа рацәаны ирылҵуан азы иҧсуан, иҳәеит Аргәын.

"Сара сыхьӡгьы иасҳәеит, аус ахьызуоз, батальонс сахьаҵанакуа. Уи ашьҭахь сҩызцәа рҟыӡа снаӡаны, ахәы дшысыҧшааз атәы расҳәарц сыӡбеит. Ҳара ҳтәқәа ахьыҟаз, аҟынӡа сышнеиз, абора ахьгылаз шрасҳәоз атәы зынӡа исгәалашәаӡом. Иара дрыҧшаазаап. Уи атәы 20 шықәса рашьҭахь ауп ианыздыр. Чарак аҟны чкәынак даасдгылеит, дсазҵааит: '' Сугәалашәоума? Баграт Ҳәатышь, хәажәкыра 16, иуԥшааз аҷкәын соуп?!''. Уи аламҭалаз сцәаныррақәа реиҭаҳәара уадаҩуп. Саргьы сишьҭалон аха ихьӡ, шьҭрала дабатәиу, арра дахьахысуаз сыздырӡомызт", — иҳәеит Дмитри Аргәын.

Ибаандаҩртәыз Игорь Дармааи иаагара ицаз Адгәыр Шамбеи Ельмар Агәмааи рлахьынҵа акыршықәса еилкаамызт. 20 шықәса рышьҭахь Дармааи Шамбеи рхаҭарақәа шьақәыргылан, Ахьӡ-аҧша абаҳчаҟны аҧсыбаҩқәа рекспертиза ашьҭахь. Иахьагьы Ельмар Агәмаа дахьҟоу аӡәгьы издырӡом. Аҧсны архәҭақәа Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаҧыргаз марттәи ажәылараан еиуеиԥшым ахәшьарақәа рыла 200-ҩык инаркны 400-ҩык рҟынӡа аҧсуаа ҭахеит, 30-ҩык хабарда ибжьаӡит. Марттәи ажәылара ашьҭхь Дмитри Агәын Аҧсны ахақәиҭтәразы аибашьра иациҵеит, 1993 шықәса цәыббрамзазы аҳҭнықлақь агара далахәын. Леон иорден ианашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0