АҞӘА, хәжәк 17 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аԥсшьаратә сезон ҿыц ааиаанӡа азеиԥш крыфарҭақәеи, ахәшәтәырҭақәеи, амедицинатә усбарҭақәеи асанитартә-епидемиатә шәагазагақәа ирықәшәозар ауп, иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов асанитартә-епидемиатә усбарҭақәеи иереи русуратә еилатәараҿы.
"Асанитартә-епидемиатә шәагазагақәа ирықәымшәо обиектқәа аркхоит", — иҳәеит Гоов.
Агәабзиарахьчара аминистр асанитартә-епидемиатә усбарҭақәа рхадақәа адҵақәа риҭеит Аԥсны акрыфарҭақәа зегьы рҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы агәаҭарақәа рымҩаԥгара.