Аԥснытәи аветеранцәа ирызку аудио-шәҟәы Sputnik асаит ианылоит

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДень Победы
День Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы "Аԥсны Афырхацәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду" аҟны еиҭаҳәоуп 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҟны Аԥснынтә иалахәыз аибашьцәа рҭоурых.
Аудиокнига "Герои Абхазии. Великая Отечественная война"

АҞӘА, хәжәк 17 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аудио-шәҟәы "Аԥсны Афырхацәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду" асаит Sputnik аҟны ианҵоуп Аиааира Ду 70 шықәса ахыҵра иазкны. Аизгаҟны еиҭаҳәоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалахәыз аԥсуаа рҭоурых, урҭ афашизм аиааира аус аҟны рылша атәы, ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Урыстәыла Асоциалтә программақәа ацхыраара рзуразы амилаҭтә фонд аиҳабы Андреи Сергеев.

"Аудиоверсиа зегь раԥхьа иргыланы аҿар ирзынархоуп. Избанзар аӡәырҩы аԥхьара аамҭа рымаӡам, уи азы ашәҟәы уазыӡырҩыр ауеит амашьына аҟны, мамзаргьы аҩны. Ашәҟәы абжьы ахеиҵеит апрофессионалтә диктор, аусура ишахәҭаз еиԥш инагӡан, уи азыӡырҩра аинтерес аҵоуп", — иҳәеит Сергеев.

Афонд ахада иажәақәа рыла, икьыԥхьуи аудио иануи ашәҟәы "Аԥсны Афырхацәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду" аекземплиарқәа рыҭан аверерантәии аҿартәи еиҿкаарақәа, ашәҟәыԥхьарҭақәа, ашколқәа, Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭақәа.

"Ҳара ҭакԥхықәра дула ари азҵаара ҳазнеит. Апроект амҽхак уиаҟара иҭбаам, уи ҵакырала ихәыҷу, аха Афырхацәа рхыԥхьаӡарала аԥшьбатәи аҭыԥ аанызкыло Аԥсны иазкуп. Аиашазы ари ҳаиашьаратә жәлар роуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны урҭ иҟарҵаз алагала акыр ирацәоуп", — азгәеиҭеит Сергеев.

Уи иара убас иазгәеиҭеит зымҽхак ҭбааз аҭҵаара шымҩапԥгаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟны. Ашәҟәы аамҭа кьаҿк ала иҭыжьын, убри аҟнытә аветеранцәа зегь анымлеит. Сергеев агәыӷра имоуп аизга харҭәаахоит ҳәа. Уи азы ашәҟәы анҵәамҭаҿы ақьаад цқьақәа ныжьуп "Азгәаҭарақәа рзы". Аматериал ҿыцқәа аҩбатәи аҭыжьрахь иацлоит, уи азы афонд шықәсык ахала-аҵыхәала аусқәа рымҩаԥгара азгәаҭаны иамоуп.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык зыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0