Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәаратә хәылԥазы Ешыра имҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукМарттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәаратә хәылԥаз.
Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәаратә хәылԥаз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Марттәи ажәылара 22 шықәса ахыҵра иазкны агәаларшәаратә хәылԥазы Ешыра ақыҭа имҩаԥыргеит.

АҞӘА, хәжәк 18 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа ахақәиҭтәразы Гәымсҭатәи афронт еиҿнакааз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәаратә хәылԥазы Ешыра ақыҭа имҩаԥган, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аԥхьа.

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

"Акциа алагаанӡа Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан. Абаҟа азааигәара иргылаз асценаҟны сааҭки бжаки аибашьра аамҭа иатәу ашәақәеи ажәеинраалақәеи рҳәон, иара убас еизаз афотосахьақәеи, авидеонҵамҭақәеи дырбан", – иҳәеит Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы аминист ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба.

Аҿар ракциа "Афырхацәа рымҩала" аҳәаа иҭагӡаны ахәылԥаз  Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы аминистрреи Аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәа ақалақьтә еилаки еицхырааны имҩаԥыргеит. Акциа рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, Марттәи ажәылараан иҭахаз ранацәа, аҳәынҭқарра ахадара, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра, иара убас Ешыра анхацәа, иҳәеит Алиас Аҩӡба.

"Урҭ амшқәа раан ишьаарҵәыраз аиҿагыларақәа цон. Ари ахәылԥаз еиҿызкааз аҿар рҭоурых шырхамшҭуа атәы убартә иҟоуп. Аҿар рзы уи хымԥадатәиуп – уи рхақәиҭра иашьаҭазаауеит", – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Афырхаҵа, Апарламет адепутат Аслан Кәабахьиа.

Марттәи ажәылара иалахәыз Аԥсны Афырхаҵа сергеи Матосиан иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу акциақәа рымҩаԥгара аҵакы.

"Уаргәырӷьартә иҟоуп ари ахәылԥаз асҟак аҿар рхы ахьаладырхәыз. Март 1993 шықәсазы реиҳабацәа иаадырԥшыз афырхаҵара иааӡозароуп. Аҿар, ахәыҷқәа аҭынч аԥсҭазаара бзиа рбарцаз Аҳәынҭқарра ҿыц ҳаргылеит", – азгәеиҭеит Матосиан.

Алиас Аҩӡба иазгәеиҭеит, ари акциа апроект ду "Афырхацәа рымҩала" аҳәаа иҭагӡаны ҩынтә раан ишымҩаԥысуа, изызкугьы аҿар апатриотизмра рылааӡара ауп.

"Иаагоу апроект ашықәс зегьы аус аулоит. Акциа Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны арбџьармчқәа имҩаԥыргоз ажәылара хадақәа зегьы ирхьысуеит: Тамшь адесант албаара, ииультәи ажәылара, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Ахәылԥазқәа аветеранцәа алархәны имҩаԥгахоит, аветеранцәа ажәылара аҭыԥқәа  рахь ҳрыццоит", – иҳәеит Алиса Аҩӡба.

Аԥсны Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаԥгаз Марттәи ажәылараан 200-ҩык инаркны 300-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ҭахеит, 30-ҩык рҟынӡа хабарда ибжьаӡит.

Ажәабжьқәа зегьы
0