АҞӘА, хәжәк 19 – Sputnik. Аҳәынҭқарра Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа ҿыц алгаразы иазхаша аԥара амаӡам, уи апроект аиҿкааразы ахарџь аԥшаара агәиҭоуп, иҳәеит Аԥсны Ахада Адыгатәыла аҭаараан, иаанацҳауеит РИА Новости.
Аинформациа злаҟоу ала Ҟарачы-Черкесскҟа Аԥснынтәи амҩа ҿыц алгара ауп зыӡбахә ҳәоу. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылеи еиԥызшьуа ақалақь Шәачоуп. Ааигәа, 2010 шықәсазы, Урстәыла Аԥснынтәи аҩызцәеи рыцырхырааны апроект адгылара шарҭо атәы ҳәан, аха уи ашьҭахь уи апроект арҿиаразы аусқәа акгьы мҩаԥгаӡамызт.
РИА Новости ишаанацҳауа ала, Аԥсны Ахада Ҳаџьымба иазгәеиҭеит амҩа алгара атема Урыстәыла Ахада Владимир Путин иԥылараангьы ишышьҭыхыз. Аҳәынҭқарра ахаҭа, Ҳаџьымба иажәақәа рыла, апроект арҿиаразы иаҭаху афинанстә ресурсқәа амаӡам, убри аҟнытә аҳәынҭқарра ахадара еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟынтә афинанстә цхыраара иақәгәыӷуеит.