Берлин иаадыртит "Аԥсны" захьӡу ақьафурҭеи акультуратә центри

© Фото : Дориан Рудат-АвидзбаАԥсуа қьафурҭа, Берлин.
Аԥсуа қьафурҭа, Берлин. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европа иҟоу Аԥсны акультуратә атташе Виалетта Рудат-Аҩӡԥҳа раԥхьаӡа акәны Берлин агәҭа аԥсуа қьафурҭа аалыртит.

АҞӘА, хәжәк 20 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Берлин, Дальманштрассе еицырдыруа Курфиурстендамм иацәыхарамкәа аԥсуа қьафурҭа "Аԥсны" аартуп, уаҟа аԥсуа чыс агьамбареи аԥсуа милаҭтә музыка азыӡырҩреи рзы алшара ыҟоуп.

Ақьафурҭа аазыртыз Европатщи Аидгылаҿы иҟоу Аԥсны атташе Виолетта-Рудат Аҩӡԥҳа ишаалыцҳауа ала, ақьафурҭа "Аԥсны" акультуратә хәылԥазқәа рымҩаԥгаразы ицхыраагӡагахоит. Уаҟа имҩаԥгахо аԥсуа-басктәи ахәылԥаз раԥхьатәизаауеит.

Аԥсуа чеиџьыка - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

"Лаҵарамзазы Ҭенгиз Ҭарба ифотосахьақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара сгәы иҭоуп. Иара убас Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиа Италиа еиҿылкаауеит ацәыргақәҵа, уи ашьҭахь Берлинҟа иаагазаауеит. Ааԥын анҵәамҭазы аԥсуа-абаза хәылԥаз амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп", – лыгәҭакқәа ҳацеиҩылшеит Виолетта Рудат-Аҩӡԥҳа.

Ақьафурҭа амениу шьақәгылоуп аԥсуа чыс ала: абысҭа, арашы сыӡбал акәтыжь алаҵаны, асыӡбал – аԥҳәаса иалхны, ачашәқәа. Аԥсуа чыс зырхаауа ихадоу ахәҭа аџьыка иара уа ақьафурҭаҿы иҟарҵоит.

"Испантәи апырпыл аасхәоит, избанзар гьамала еиҳа аԥсуа пырпыл еиԥшуп, нас исырҩоит, аџьыка алысхуеит", – лҳәеит Виолетта.

Лара лажәақәа рыла, аԥсуа чысқәа рзы иаҭаху амарҭхәқәа Берлин рыԥшаара мариам. Зегь реиҳа ицәгьоу ашәха аԥшаара ауп. Аԥсуа ашә еилаҵа италиатәи моцареллеи, кипртәи ауаса ахш иалху ашәи рыла илыԥсахуеит.

Виолетта Рудат-Аҩӡԥҳа Европа атәылауаа аԥсуа аҩы длырдырырц лҭахуп.

"Ҳаҩқәа рхаҭабзиара ҳаракуп. Еицырдыруа аҩыҟаҵаратә традициа ҳамоуп. Аԥсуа ҩы Европа абароуп", – ҳәа азгәалҭеит лара.

Виолетта лгәаанагарала, ақьафурҭеи, акультуратә центри европатәи аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны адырра иацхыраауеит.

Виолетта Рудат-Аҩӡԥҳа 28 шықәса ҵуеит Германиа дынхоижьҭи. Лара давторуп Урыстәылеи, Германиеи иҭыжьыз ашәҟәы "Ақәранҵыра 100 рецептк. Аԥсуа чеиџьыка".

Ажәабжьқәа зегьы
0