00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Аԥсуажәаԥҟа
18:29
0 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Аԥсуажәаԥҟа
21:29
0 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҵарадырра амш Џьырхәатәи ашкол азы: аиҳабы лыҿцәажәара
13:20
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Ҵаҩык актәи акласс аҿы: Отаԥтәи ашкол аҿы аҵара процесс шеиҿкаахо ҭаҳҵаауеит
13:24
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа рзы афатә ԥха: гаграа рԥышәа ҭаҳҵаауеит
13:43
3 мин
Аиҿцәажәара
Акарпыжә аарыхыҩцәа ирзырхаз акциа мҩаԥысит Аҟәа: алҵшәақәа
13:46
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Бальнеология, реликтовые сосны и море: как развивается оздоровительный туризм в Абхазии
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Ауниверситет азеиԥшнхарҭа астудентцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу: аиҳабы ицәажәара
18:16
9 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Тҟәарчал Акультуратә хан аиҭашьақәыргылара раԥхьатәи аетап хыркәшоуп

© Sputnik Томас ТхайцукТҟәарчал акультуратә Хан аартра.
Тҟәарчал акультуратә Хан аартра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акультуратә Хан шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара х-етапк рҟынтә актәи хыркәшоуп.

АҞӘА, хәжәк 20 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи Акультуратә хан аиҭашьақәыргылара хәҭак хыркәшоуп, абри атәы аҳәынҭқарратә аргыларатә наплакы "Тҟәарчалргылара" аиҳабы Раули Шамугьиа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2012 шықәсазы ирылагеит. Ҳалагаанӡа аусура х-етапкны иаҳшеит: актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аихагылақәа. Иахьатәи аамҭазы асценеи, 145 тәарҭа ҭыԥ ҿыцқәеи, аҽазыҟаҵаратә уадеи зҵазкуа актәи аихагыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Актәи аихагыла 131 миллион мааҭ аԥара ахҭынҵан", – азгәеиҭеит Шамугьиа.

Тҟәарчал араион аусбарҭа ахада Аида Чачхалиа лгәаанагарла, Акультуратә хан аартра араиони, ауааԥсыреи рзы крызҵазкуа хҭысуп.

"Ҳраион аҟны еиуеиԥшым ахәылԥазқәа, ахҭысқәа азгәаҳҭалон, аха иахьымҩаԥаҳгоз иақәнагаз аҭыԥ ҳамаӡамызт. Иахьа араион аҟны Ахан аусура иахьалагаз ҳаигәырӷьоит. Иахьарнахыс араҟа имҩаԥаҳгалоит акультура-массатә хҭысқәа, абри атәы Тҟәарчал ауааԥсыра ақәсыргәыӷуеит. Иаанхаз аихагыларақәа иаарлас еиҭашьақәыргылазаауеит ҳәа сақәгәыӷуеит", – лҳәеит Аида Чачхалиа.

Тҟәарчал акультуратә Хан аартра иалахәыз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба уи ахҭыс аҵакы дазааҭгылеит.

"Иахьатәи аныҳәа шәыдысныҳәалоит. Ақалақь арҿиара анаҩсгьы иацҵахоит. Ахан зегьы арҿыцра алшара ҳамазаауеит", – азгәеиҭеит Ахада.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи Акультуратә хан аартра ашьҭахь Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр "Асабша ахәылбыҽхан" захьӡу аспектакль ықәдыргылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0