Аҧсни Урыстәылеи рдипломат ҿарацәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Фото : предоставлено сотрудниками МИД РФЦеремония подписания Соглашения о сотрудничестве Советов молодых дипломатов Абхазии и России
Церемония подписания Соглашения о сотрудничестве Советов молодых дипломатов Абхазии и России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра ала, Адипломат ҿарацәа рхеилакқәа еиҿыркаалоит аиҧыларақәа жәларбжьаратәии арегионалтәии азҵаарақәа ирызкны. Агәҭакқәа ыҟоуп Адипломат ҿарацәа евразиатәи рассоциациа аиҿкааразы.

МОСКВА, хәжәк 21 — Sputnik. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиҿкаау Адипломат ҿарацәа рхеилаки Урыстәыла Адипломпт ҿарацәа рхеилаки рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Адипломат ҿарацәа рхеилак аиҳабы Амина Лазԥҳа.

"Ас еиҧш иҟоу Аҧсни Урыстәылеи рдипломат ҿарацәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра раҧхьаӡатәиуп. Сгәаанагарала, ари ашьаҿа даара акраҵанакуеит. Аиқәшаҳаҭра еиҭахгьы иаҳнарбоит ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа есааира ишыҿио", — лҳәеит Амина Лазԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Адипломат ҿарацәа рхеилакқәа еиҿыркаалоит аиҧыларақәа жәларбжьаратәии арегионалтә зҵаарақәеи ирызкны. Иҟоуп агәҭакқәа Адипломат ҿарацәа евразиатәи рассоциациа аиҿкааразы.

Аҧсны адипломат ҿарацәа рхеилак ахада ихаҭыҧуаҩ Лаша Ашәба ишазгәеиҭаз ала, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра акыр зҵазкуа хҭысуп ҩ-тәылак рдипломатиатә хеилакқәа рзы адагьы иааидкыланы аҿар зегь рзы.

"Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа ханарҭәаауеит адипломат ҿарацәа рганахь ала, уи угәы иамыхәарц злшом", — иҳәеит Лаша Ашәба.

Аҧсны Адипломат ҿарацәа рсовет аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Мышәба дазааҭгылеит аиқәшаҳаҭра иамоу аҵакы.

"Ари аусмҩаҧгатә даара аҵак дууп, уи алшара ҟанаҵоит Аҧсни Урыстәылеи рҿартә еиҿкаарақәа русеицура аиҿкааразы", — иҳәеит Мышәба.

Аҧсни Урыстәылеи Рдипломаттә ҿарацәа рхеилакқәа русеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ахәаша, хәажәкыра 20 рзы.

Аҧсны Адипломат ҿрацәа рхеилак еиҿкаан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иқәҵарала 2014 шықәса, мшаҧымза 17 рзы.

© Фото : предоставлено сотрудниками МИД РФМИД РФ
1/4
МИД РФ
© Фото : предоставлено сотрудниками МИД РФМИД РФ
2/4
МИД РФ
© Фото : редоставлено сотрудниками МИД РФЦеремония подписания Соглашения о сотрудничестве Советов молодых дипломатов Абхазии и России
3/4
Церемония подписания Соглашения о сотрудничестве Советов молодых дипломатов Абхазии и России
© Sputnik Фото предоставлено сотрудниками МИД РФПодписание Соглашения о сотрудничестве между Советами молодых дипломатов Абхазии и РФ
4/4
Подписание Соглашения о сотрудничестве между Советами молодых дипломатов Абхазии и РФ
1/4
МИД РФ
2/4
МИД РФ
3/4
Церемония подписания Соглашения о сотрудничестве Советов молодых дипломатов Абхазии и России
4/4
Подписание Соглашения о сотрудничестве между Советами молодых дипломатов Абхазии и РФ
Ажәабжьқәа зегьы
0