АҞӘА, хәжәк 22 – Sputnik. Анемец журнал Spiegel аредактор хада Клаус Бринкбоимер (Klaus Brinkbäumer) аҭыжьымҭа асаит аҟны дазааҭгылеит ажурнал ацәаҟны Ангела Меркель ахҧатәи ареих афицарцәа дахьрыдгылоу афотоколлаж занылз атәы. Бринкбоимер иажәақәа рыла, аколлаж европауаа Германиа ишазыҟоу аазырҧшуа пародиоуп.
"Ҳара ҳастатиа аҭак ҟанаҵоит ажәытә ҭоурых џьаргьы ишымцо, иара убас Европа иахьаҵанакуа Германиа иамоу аҧхьагылара ианалацәажәо амилаҭ-социализм атема иадҳәалоуп. Ажурналистцәа аҭҵаара мҩаҧыргеит Бырзентәыла, Британиа, Италиа уҳәа атәылақәа рҿы, иара убас Бриуссель, Берлин, иагьеилыркааит акыраамҭа зықәҿырымҭуаз аиуристтә зҵаара — арепарациатә шәахтәқәа рызҵаара еиҭа иазыхынҳәит", — иҩуеит Клаус Бринкбоимер.
Ажурнал Der Spiegel 2015 шықәса, хәажәкыра 21 рзы иҭыҵыз аномер иануп дҿаԥха-ҿаччо Ангела Меркель лсахьа, афотомонтаж ахархәара ала лара илывадыргалеит 1941 шықәсазы Афины ақалақь аанызкылаз анацистцәа.
Асоциалтә каҭақәа рхархәаҩцәа рыбжьареи аинформациатә хархәагақәеи рҿы ари афото ацәажәарақәа рацәаны иахылҿиааит. Ари афотоколлаж аҟны иаарҧшуп Германиеи Бырзентәылеи рыбжьара иҟоу ауадаҩрақәа.
Иахьазы Бырзентәыла Германиа аҟынтәи арепарациатә шәахтәқәа аиур аҭахуп Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан анацистцәа иҟарҵаз ацәыӡқәа рзы. Афотоколлаж абжьы ақәнаргеит аҭыжьыма Süddeutsche Zeitung, уи иазгәанаҭеит ажурнал Der Spiegel лассы-лассы Меркель илызку астатиақәа рҟны анацистцәа рахь ишхьаҧшуа, аха урҭ дрыларгыланы афотоколлаж аҟаҵара даҽа усуп.
Асоциалтә аҳақәа рҟны Меркель илызку асахьа згәамҧхаз рацәаҩхеит, аха иҟоуп лафк аҳасабала издызкылазгьы.