Белоруссиатәи амаланыҟәцаҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik Томас ТхайцукСборная Белорусии на велогонкам. Фото с места события.
Сборная Белорусии на велогонкам. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаланыҟәцаразы Белоруссиа еизгоу акоманда Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи ашоссеитә сезон аҽалархәразы.

АҞӘА, хәжәк 26 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Амаланыҟәцаразы Белоруссиа еизгоу ахацәа ркоманда Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит 2015-шықәсазтәи жәларбжьаратәи ашоссеитә сезон аламҭалазы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ хада Иури Иурченко.

"Акоманда азыҟаҵарақәа еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны имҩаԥызгон. Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны ҳааит. Иазгәасҭарц сҭахуп аҽазыҟаҵаразы араҟа аҭагылазаашьақәа зегь шыҟоу: амш бзиа, аҳауа цқьа, амҩадуқәа каххаа", — азгәеиҭеит Иурченко.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, Белоруссиа иеизгоу акоманда алахәылацәа быжьҩык Гаграҟа иааит хәажәкыра алагамҭазы, мызкгьы ара иҟазаауеит. Уи иҳәеит аҽазыҟаҵарақәа раан аспортсменцәа зегьы 100 инаркны 200 километр рҟынӡа маланыҟәала ицоит.

"Амҩақәа ҳаԥсахуеит ҳҽазыҟаҵаратә график инақәыршәаны. Зны аспортсменцәа Ԥсоунӡа ицаны иаауеит, зны Пицунданӡа. Иахьа урҭ рмаршрут 200 километра рҟынӡа инаӡоит – Аҟәа ицаны иаауеит", — иҳәеит Иурченко.

Азыҟаҵаҩ игәаанагарала, Аԥсны амҩаду хада ахаҭабзиара ҳаракуп, зегь реиҳа ихадароу уи аҟны еиуеиԥшым ааицлабратә ҭагылазаашьақәа ԥушәар ауеит.

"Амҩадуқәа рҟны аҩадарақәа ыҟоуп, уи азы Риҵаҟа ҳцоит. Аҟәаҟа ҳцозар, аласрала ҳаицлабуеит, избанзар уи амҩа аиҳарак ииашароуп", — иҳәеит Иурченко.

Белоруссиатәи иеизгоу акоманда алахәылацәа руаӡәк, ҩынтәны Европа ачемпионат аҟны аџьазтә медалқәа занаршьахьоу Роман Романов иазгәеиҭеит асезон аламҭалазы амаланыҟәарныҟәцаҩцәа зегьы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго.

"Иаарласны ҳара ҳҽалаҳархәуеит Урыстәылеи, жәларбжьаратәии атурнирқәа. Ҳазҭоу ашықәс азы сгәы иҭоуп аҿарацәеи, аиҳабацәеи рыбжьара Европа ачемпионатқәа схы рыласырхәырц. Аԥсны имҽаԥаҳго аҽазыҟаҵарақәа ирыбзоураны алҵшәа бзиақәа аасырпԥшып ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Романов.

Ашоссеитә маланыҟәцаратә еицлабра 1896 шықәса инаркны аолимпиатә еицлабратә хкқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Есышықәса аконтиненттәии адунеитәии чемпионатқәа мҩаԥыргоит. Уи анаҩс имҩаԥысуеит хы-мчыбжьа аамҭа змоу х-турнир хадак: Тур де Франс, Джиро д’Италиа, Вуельта Испаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0