АҞӘА, хәжәк 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарратә политикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" аҩашаҽны Аҟәа имҩаԥнгаз аизара ду аҟны апартиа ахантәаҩыс Даур Аршба далырхит, ҳәа ааицҳаит аҭыԥан иҟоу Sputnik акорреспондент.
Апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" ахантәаҩы ҿыц аизара ду аан аделегатцәа икандидатура иахьадгылаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас иазгәеиҭеит апартиа аусура аҳәынҭқарра аргылареи, арӷәӷәареи ишацхыраало атәы.
"Анаҩс ҳара ҳус иацаҳҵалоит, зегьы ҳаидгылар ҳаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара ҳалшап ҳәа сгәыӷуеит. Агәрагара иаашәырԥшыз азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, мы постараемся его оправдать", – иҳәеит Даур Аршба.
Иара убас аизарду алахәылацәа апартиа апредседатель ихатыԥуаҩцәас Владимир Занҭьариеи, Леонид Еныкьи алхын. Аполитхеилаки, аревизиатә комиссиеи реилазаара ҿыцқәа шьақәыргылан.
Апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" аизаарду аан апартиа аԥҟаԥҵәа аԥсахрақәа алагалан, иара убас иӡбан председательк иахагылара асистема ахь архынҳәара.
Даур Аршба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Ҭҟәарчал араион ахадас аус иуан, уажәы Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
Аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" шьақәыргылан 2005 шықәсазы, актәи ахантәаҩыс дыҟан иахьа Аԥсны иахагылоу Рауль Ҳаџьымба. Апартиа анаԥырҵоз усҟантәи амчра аоппозициа рызнауан. "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" алахәылацәа Аԥсны асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи ахәынҭқарра ашәарҭадареи рзы ргәаанаграқәа рҳәон.