Ҳаџьымба: абизнес хықәкыс иамазароуп аекономика ашәшьыра аҵхра

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, апартиа "Аԥсныжәлар реизакра афорум" аизара ду аан.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, апартиа Аԥсныжәлар реизакра афорум аизара ду аан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" аизара ду аҟны иҳәеит атәыла аԥеиԥш ашәахтә система аиӷьтәра шахьԥшу.

АҞӘА, хәжәк 30 – Sputnik. Аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" аҩаша имҩаԥысыз аизара ду аҟны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахтә система арҽеиреи, аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа аус рыдулара ишаҿу атәы иҳәеит, абри атәы аалыцҳауеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Хьыбла Возба.

Ааҳәынҭқарра аныҟәгара атәылауаа рҭакԥхықәрахь ишаҵанакуа атәы азгәеиҭеит ахада.

"Атәыла аекономика ашәшьыра аҵхра апроцесс шәалахәызароуп, ашәахтәқәа шәшәалароуп, иаартны аус жәулароуп, аҭагылазаашьа ариашаразы аиницитива аашәырԥшлароуп", – иазгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла аҳәынҭқарра аганахьала иаҭаху зегь ҟанаҵалоит ауаа ашәахтә ишаҭаху ашәахтә ршәаларц азы.

Уи аԥхьа Гәдоуҭа араион ауаажәлар рҿаԥхьа данықәгылаз Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит аобиектқәа рацәаны лицензиада аус шыруа атәы, ашәахтәқәа ирыцәхьаҵуеит, уи ахарала араиони аҳәынҭқарреи аԥхасҭа роуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0