Аԥсны еиҿкаахоит акоррупциа иаҿагыло акомитет

© SputnikМуаед Ҟадыжь
Муаед Ҟадыжь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа иаҿагыло амилаҭтә комитет аусуаҩцәа ахылаԥшратә усбарҭақәа русура иалахәхарц рҭахуп.

АҞӘА, хәжәк 31 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Акоррупциа аҿагыларазы иаԥҵахоит араионбжьаратә уаажәларратә еиҿкаара Акоррупциа аҿагыларазы амилаҭтә комитет. Абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит акомитет аиҳабы Муаед Ҟадыжь.

Ҟадыжь иажәақәа рыла, ареспубликаҿы акоррупциа амҽхак даара иҭбаауп, уи аҿагыларазы ауаажәлар рыцхыраара аҭахуп.

"Лҵшәа бзиала ауаажәларратә еиҿкаарақәа аус руларц азы ауааԥсыра урҭ рыгәра ргар ауп, усҟан ауп аҳәынҭқарра азакәантә шьаҭала аусура ианалаго", — иҳәеит Ҟадыжь.

Акоррупциа аҿагыларазы акомитет аусура ахырхарҭа хадақәа ируакхоит  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри, Аҳәынҭавтоинспекциа ахадеи, аиҳабыреи алархәны астол гьежь аиҿкаара. Уаҟа акоррупциа зыхҟьои, уи аҿагылашьеи азҵаатәқәа ирзааҭгылахоит.

Ҽааны Акоррупциа иаҿагыло акомитет аус рыцнаурц аҭахуп ахылаԥшратә усбарҭақәа, уи адагьы акомитет агәы иҭоуп ахатәы ҭыжьымҭа аиҿкаара. Уи адагьы ахеилак ахатә кьыԥхь аҭыжьра агәы иҭоуп.

"Акомитет анапхгаҩык иаҳасабала, Аԥсны Аҳәынҭқарра анаплакҩцәа ҳхеилак аиашеи азакәани ҳшадгылазаауо, акоррупционерцәа ишырҿагыло ртәы агәра дсыргоит", – иазгәеиҭеит Ҟадыжь.

Ҟадыжь излаиҳәо ала, аиустициа аминистрра аҭаҩразы иааиуа амшқәа рзы иаҭаху адокументқәа азырхиазаауеит.

2009 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Муаед Ҟадыжь Ҟарачы-Черкессиа Антикоррупциатә центр дахагылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0