Гагратәи аҳәса-ветеранцәа рзы хәыда-ԥсада амедицинатә гәаҭара еиҿкаауп

© Sputnik / Саида ЖибаГагратәи аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа хада аҟны аветеранцәа рзы хәыда ԥсада амедицинатә гәаҭара еиҿкаауп
Гагратәи аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа хада аҟны аветеранцәа рзы хәыда ԥсада амедицинатә гәаҭара еиҿкаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны инхо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәсацәа мызкы иҭагӡаны хәыда-ԥсада амедицинатә гәаҭара иахысыр рылшоит.

АҞӘА, мшԥ 1 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәыни, аполиклиника ахаҭарнак Заира Харабуеи раԥшьгарала, мызкы иҭагӡаны агәыҳалалратә акциа аформа аҭаны, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз згәабзиара уашәшәыроу аҳәсацәа хәыда-ԥсада амедицинатә гәаҭарақәа рахысреи, аҽыхәышәтәреи рзы алшара рымазаауеит.

"Ахәышәтәырҭахь аара злымшо рзы амедицинатә цхыраара рыҩны ираҳҭоит", – иҳәеит Виачеслав Аргәын.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, аибашьра аветеранцәа рзы ахәышәтәырҭа аҟны хәыдаԥсадатәи аптека аарта аус хәы-шықәса ҵуеит дашьҭоижьҭеи.

"Аветеранцәа рзы аптека аартра азҵаара изныкымкәа ишьҭысххьан араион актив аҟны, уи азы ацхыраара ҳарҭарц азы атәыла ахадарахь схы сырхахьан, аха иахьа уажәраанӡа уи азҵаара ӡбаӡам", – ациҵеит Аргәын.

Амедицинатә гәаҭара раԥхьатәи амш азы ԥшьҩык аветеранцәа неит.

"Ишаҳзыҟоуи ахылаԥшра иҳарҭои рзы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аҳақьымцәа. Аибашьра анцоз аамҭазы Афонҿыцтәи агоспиталь аҟны аԥсуа аҳақьымцәа аибашьцәа рыԥсқәа еиқәдырхон. Иахьагьы иҳацхраауеит", – ҳәа азгәеиҭеит аветеран.

Иахьатәи аамҭазы Гагра араион аҟны Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз згәабзиара уашәшәыроу аҳәсацәа 30-ҩык нхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0