Аибашьра ду аветеран Гәымба: уи - ихлымӡаахыз еибашьран

© Sputnik Томас ТхайцукКонстантин Гумба.
Константин Гумба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Константин Гәымба игәалаиршәоит дызхысыз аибашьра амшқәа.

АҞӘА, мшԥ 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ауаюытщыюса иҭоурых аҟны зегь реиҳа ихлымӡаахыз еибашьран, иҳәеит аветеран Константин Гәымба.

Аветеран иажәақәа рыла, аибашьрахь дыргеит артилеристтә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1943 шықәсазы, 19 шықәса анихыҵуаз. Дрышьҭит Львовтәи афронт ашҟа.

"Аибашьра аан х-тәылак срылсит: Польша, Чехословакиа, Германиа. Ахаан исхашҭуам алагер Освенцим. Уи ахы ианақәиҭаҳтә, уаҟа иҟан амла иакуаз зықьҩыла аҳәсеи ахәыҷқәеи, урҭ рыԥсы аарла иҭан. Даргьы ҵәыуан, ҳаргьы ҳҵәыуан", — игәалаиршәоит Гәымба.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан агәаҟрақәа рацәаны ишихигазгьы Константин Гәымба еснагь анемец жәлар акыр рыхә ҳаракны ишьон, избанзар уаҟа адунеи иалаҵәаз ауаа иит.  Иҟалаз аибашьраз Гәымба ахара здиҵо Гитлер заҵәык иоуп, уи агәра ганы дыҟоуп ажәлар анацисттә пропаганда ахьрылаҵәаз азы шакәу аибашьра залагаз.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ахҭысқәа рҟнытә Гәымба ирыликаауеит Чехословакиа иҟалаз.

"Чехословакиатәи ақалақьқәа руак аҟны асолдатцәа уаҭахк сдырбеит, уаҟа анемец аинрал дынхон. Уа ҳаныҩнала хәҩык рыԥсыбаҩқәа аабеит. Еилаҳкааит аинрал дрыҭҟәар ҳәа дшәаны, ихәыҷқәа хҩыки иԥҳәыси шыишьыз, уи ашьҭахь иаргьы иҽишьит. Сара еилыскаауан уи саӷа шиакәыз, аха даара сгәы иалсит иҟалаз", — иҳәеит аветеран.


Константин Гәымба аибашьраан авзвод напхгара азиуан, уи 50-ҩык ауааԥсыра рыла ишьақәгылан. Аветеран иажәақәа рыла, уи аибашьра аԥхьатәи аҳәааҿы дгылан шықәсыки-бжаки инарзынаԥшуа.

"Зны х-метрак инасхыкны аснариад ҭҟәацит. Сара ихәыҷыз аԥҽыха сылалеит. Ахәра шәарҭамызт, аконтузиа сыхьит. Сеибашьуанаҵы ари ашәарҭара ауп сзықәшәаз, даара исықәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит, лахьынҵазар ҟалап уи", — иҳәеит Гәымба.

Аветеран игәалаиршәеит аиааира ақалақь Дрезден дшаԥылаз. Уи иазгәеиҭеит аҩныҟа, Асовет еидгылахь шьапыла ишыхынҳәуаз.

"Ҳгьежьны ҳанаауаз ажәлар акыр игәырӷьаны иаҳԥылон, ԥҳәыск ашәҭқәа зҭагылаз аваза сылҭеит. Сҩызцәеи среи уи раԥхьа уамашәа иаабеит – избан ашәҭқәа аваза иҭаргыланы? Нас ишеилаҳкааз ала, уаҟа ауатка ҭазаарын. Ҳәарада, ҳара Аиааира Ду азы ҳныҳәан, иаҳгәарԥханы иаҳжәит", — ациҵеит Гәымба.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 70 шықәса ахыҵра Константин Гәымба аветеранцәа зегьы ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара.

"Зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп Аиааира ду амш, аиҳарак исыцеибашьуаз сҩызцәа. Уаанӡа, иҵегь ҳақәра анеиҵыз, ҳаиқәшәалон, ҳаиҭанеиааиуан. Ҳара акыр ҳаицахысит, аибашьра хлымӡаах аабеит. Ҳаиҵбацәа уи аҩыза акгьы рымбааит!" — иҳәеит аветеран.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашьҭахь Константин Гәымба аҩныҟа дгьежьит, иқыҭа гәакьа Аӡыҩбжьа аҟны аџьабаа ибон, иахьагьы уа дынхоит иҷкәыни имаҭеи ицны.

55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

© Фото : из личного архива Константина ГумбаКонстантин Гумба.
Константин Гумба. - Sputnik Аҧсны
Константин Гумба.
Ажәабжьқәа зегьы
0