АҞӘА, мшԥ 2 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Мышқәак раԥхьа Аҟәа иаԥҵан ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи фонд Аԥсны".
Афонд ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны иамоу ахьыԥшымра астатус арӷәӷәареи уи азхаҵара арҭбаареи рҿы ацхыраара аҟаҵара. Иара убас аус аулоит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара, ҳдоуҳатә культуреи, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи рыхьчара, ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи, аиҩызареи аиқәышаҳаҭреи рыбжьаҵара аганахьала. Азанааҭдырыҩцәа адгаланы, аҳәынҭқарра аргылараҿы иҵару азҵаарақәа рыӡбара ахырхарҭа аҭаны, еиуеиԥшым апрограммақәа реиҿкаареи, рынагӡареи азгәаҭоуп. Афонд аполитика, аекономика, аҭоурых, акультура, адемографиа уҳәа ахырхарҭақәа рыла аҭҵааратә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит.
"Ҳамчи-ҳахшыҩи еилаҵаны ҳҳәынҭқарра аҿиара аус аҿы ҳлагала ҟаҳҵарц ҳҭахуп азоуп абри афонд зеиҿаҳкааз. Убри аус гәыцқьала иазнеиуа зегь ҳадгыларц иааҳаԥхьоит", — иҳәеит Афонд аиҳабы Сонер Гогәуа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәани, егьырҭ азакәанԥҵаратә актқәеи инарықәыршәаны еиҿкаау Афонд шьақәгылоуп еиуеиԥшым ахеилакқәа рыла: Адәныҟатәи аполитикеи, амилаҭтә шәарҭадареи рхеилак; Ауаҩы изинқәа рыхьчареи, адемократиа аҿиареи, асоциалтә политикеи рхеилак; Адемографиеи арепатриациеи рхеилак; Афинансқәа рхеилак; Аекономикатә ҿиареи, аинвестициеи ахәҳаахәҭреи рхеилак; Аҵарадырреи, аҿартә политикеи, акультуреи рхеилак; Аԥсуара ахеилак; Амассатә информациа ахархәагақәеи, ауаажәларра реимадареи рхеилак.
Афонд рхы аладырхәырц рылшоит уи аԥҟаԥҵәа азхазҵо, ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи здызкыло. Аиҿкаара азеиԥш еизара мҩаԥнагоит шықәсык ахь знык еиҵамкәа. Ахадара алахәцәа шьақәгылоуп 13-ҩык рыла. Урҭ злахәу аизарақәа мҩаԥысуеит жәохә мшы рахь знык еиҵамкәа.
Аиҿкаара иаиуа ахашәала — аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа рынагӡара иазынархоуп. Уи аусура мҩаԥнагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, атәым тәылақәеи рҟны иара ахаҭарнакҵәеи, афилиалқәеи раартрала. Урҭ аус руеит Аиҿкаара ахадара ишьақәнарӷәӷәаз ақәҵара инақәыршәаны.