АҞӘА, мшԥ 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи, урыстәылатәи аԥсеиқәырхаҩцәа еицхырааны аӡиа Риҵа иӡааҟәрылаз Урыстәыла аҳазалхратә еилакы Уралтәи аҟәша аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Вадим Миасников иԥсыбаҩ рыԥшааит. Абри атәы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Sputnik акореспондент иаиҳәеит.
"Аԥсыбаҩ сааҭк аԥхьа, аӡиас аԥшаҳәа аҟынтә 25 метр иахьынаӡоз, 35 метр аҵаулара аҟны иԥшаан. Уажәы иахьыҟалаз аҭыԥ ахь аус еилыргаразы аспециалистцәа неиуеит, уи ашьҭахь Миасников иԥсыбаҩ шьҭыхзаауеит", – иҳәеит аминистр.
Аԥшааратә усурақәа ирылахәын Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аладатәи арегионалтә центри русзуҩцәа.
"Аԥсыбаҩ ԥшаан урыстәылатәи ҳколлегацәа рмаругақәа рыцхыраарала, урҭ иреиуоуп аӡы аҵан аус зуа аԥшааратә аппаратқәа", – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.
46 шықәса зхыҵуаз Вадим Миасников хәажәкыра 31 рзы аӡиа Риҵа дӡааҟәрылеит. Иара иԥҳәыси, ихәыҷқәеи, иҩызцәеи ицны Аԥсны ԥсшьара ҳәа дааны дыҟан.