АҞӘА, 3 апр – Sputnik, Саиба Жьиԥҳа. Мшаԥымза иалагӡаны есхәаша, Гагра ақалақьуааи араион ахадареи, адепутатцәеи, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи алархәны ақалақь арыцқьара рҽаладырхәуеит.
Раԥхьатәи ахәашаҽны аилыргара мҩаԥган ақалақь хә-хәҭак рҿы, урҭ иреиуоуп Ольденбургски ихьӡ зху апарк, Нарҭаа рыхьӡ зху ашҭа, Арӡынбеи аинрал Дбари рымҩақәа.
"Амш иацу ацәаакыра ԥынгылас иҟамҵакәа, араион анапхгара иҟаҳҵаз ааԥхьара адгылара арҭеит анаплакқәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи гәыԥҩык ақалақьуааи. Убас иахьа ҳус иадгылеит Гагра араион аҟнытә Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент адепутатцәагьы, сганахь алагьы ҷыдала ҳәа расҳәоит", – иҳәеит араион Ахада Беслан Барцыц.
Гагратәи Акомсомолтә парк аҟны аамҭа-аамҭала ақалақь аиҿкаара знапы иану акомбинат арыцқьаратәи аиҿкааратәи усурақәа мҩаԥнагоит. Аха аӡын иалагӡаны апарк ақәыцра ду еиԥшхит. Иахьа активистцәа рзеиԥш ус иабзоураны ахаҿра акырӡа аҽеиҭанакит.
"Сара сгәы иаанагоит ас еиԥш иҟоу аусмҩапӷатәқәа шықәсык ахь знык ессымчыбжьы имҩаԥгалатәуп ҳәа. Азеиԥш ус ақалақьуаа еиднакылоит, аџьа абзиабара днарҵоит", – азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Ҭемыр Гәлиа.
Ақалақь аобиектқәа жәпакы рҵакырадгьылқәа асанитартә нормақәа ирықшәом. Араионтә Еизареи анапхгареи аобиектқәа рыԥшәмацәа рыкәша-мыкәша аиҿкаара дҵас ирырҭароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ақалақьуаа.