Анна Мандрикина: "Кавказ ахьчаразы" амедал даара ахә ҳаракны исшьоит

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна.
Ветеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибшьра ду аветеран Анна Мандрикина дхәыҷаахыс амашьынақәа дрыцәшәон, аха лхахьы илзаагомызт аибашьра аамҭазы аидаратә техника лырныҟәалоит ҳәа.

ГАГРА, мшҧ 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Анна Трофимовна диит Луганск, анаҩс лҭаацәа Орьаникиӡе ахь ииасит. Абжьаратә школ даналга аӡӷаб астеногрфист икурсқәа рахь дныҟәо далагеит, аха аҵара алгара алымшахаӡит — иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду.

"Аибашьра алагеит ҳәа анҳаҳа сҩызеи сареи ҳхатәгәаԥхарала иаразнак авоенкомат ахь ҳнеит афронт ахь ҳаршьҭырц азы аҳәара ҳалагеит", — лҳәеит Мандрыкина.

Арратә комиссар аӡӷбцәа ргара дақәшаҳаҭымхеит, шәқәыҧшцәоуп ҳәа реиҳәеит. Ҧыҭрак аамҭа анҵы ашьҭахь арратә амцарцәаратә хәҭа аҟны аусура иалагеит. Мандрикина лаб аибашьра аналагацәҟьа иҧсадгьыл ахьчараз дгылеит, лан аибашьра зегьы донарс дыҟан.

Анна Мандрикина 18 шықәса анылхыҵуаз аррахь илыҧхьеит. Қарҭ аррамаҵура дахысуан, 86-тәи абаталион аҟны. Амашьынарныҟәцаратә курсқәа данрылга ашьҭахь иаразнак аҧсҟы лкит.

"Аидаратә машьынақәа рыла Бесланынтәи Грозныиҟа абылтәы згон. Афронт ахь ирышьҭуаз амашьынақәа ирҭаҳҭәарц азы", — илгәалалыршәеит аветеран.

Иара убас Анна Трофимовна архәҭақәа рахь афатә налга-аалгон. СССР Иреиҳау Асовет Анпхгара иқәҵарала 1944 шықәса, лаҵара 1 азы Анна Трофимовна Мандрикина "Кавказ ахьчаразы" амедаль ланаршьеит.

"Амедальқәа зегь раҧхьа исоуз — "Кавказ ахьчаразы" сара сзы зегь раасҭа ахә амоуп. Сгәы ианкыдсҵо, сгәы еизҳауеит, сазгәыдууп", — азгәалҭеит Мадрикина.

Акыраамҭа дыззыҧшыз Аиааира амш Анна ақалақь Беслан аҟны даҧылеит. "Смашьына аидара ахьынӡақәырҵоз сеиҧкеи скьаҿи сыӡәӡәарц сыӡбеит. Дук мырҵыкәа ауаа рыҟаабжь саҳаит ''Ура!'' ҳәа абжьқәа гон. Апалта сыбӷа иаақәсыршәын ақалақь агәҭахьы сҿынасхеит. Уааҵәҟьа еилукаартә иҟан зегь ззыҧшыз амш шааиз", — лгәалашәарақәа ҳациҩылшеит аветеран.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашьҭахь Анна Мандрикина Аҧсныҟа нхара ҳәа диасит. Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра мышқәак загу Анна Мадрикина Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа аныҳәа ду рыдылныҳәалеит, агәабзиареи аҭынчреи рзеиӷьылшьеит.

© Фото : из личного архива Анны МандрикинойВетеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна.
Ветеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна. - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна.
Ажәабжьқәа зегьы
0