Аҟәатәи ашьха "Фуникулиор" ҳәа изышьҭоу аилыргара иадгылеит Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, аминистрцәа, Аҟәа ақалақь администрациа аусзуҩцәа Аҟәа ауааԥсыра.
Аҟәа ашьхара агәамсам ақәгараз аусмҩаԥгатә еиҿыркааит асоциалтә каҭаҿы иҟоу агәыԥ "Сара сықалақь цқьазар сҭахуп", уи иацхрааит аҭелтә еимадара "Аквафон-GSM", Аҟәа ақалақь ахадара.
Агәыԥ "Сара сықалақь цқьазар сҭахуп" аԥҵан Facebook аҟны жәабран алагамҭазы. Агәыԥ аԥхьагылаҩцәа ируаӡәку Рафида Басариаԥҳа лажәақәа рыла, агәыԥ аиҿкаара машәырны иҟамлеит.
Раԥхьа арыцқьаратә усқәа мҩаԥган Маиак. Уи ашьҭахь акциа иацҵахеит, уи адгылаҩцәагьы акыр иацлеит.
Агәыԥ "Сара сықалақь цқьазар сҭахуп" идрыцқьахьеит иара убас, аихамҩатә станциа "Гәыма", Синоп иҟоу Акультуратә хан.
Аҟәа ашьхара анкьа Самаҭаа рхәы ҳәа иашьҭан. Ашьха аҳаракыра 200 метра инаӡоит, Аҟәа ақалақь ажәытә хәҭахьы иаҵанакуеит.
Ашьхараҿы игылоуп Аҟәатәи ателеҳаракыра, Ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон.