Абдул Агрба: сыԥсадгьыл сашәақәа ықәыҩларц сҭахуп

© Foto / Абдул Агрба ихатә архив аҟнытәАскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба
Аскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рахьтә иҟоуп абаҩхатәра злоу, зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу ҳашьцәа хьӡырҳәагақәа. Убарҭ дыруаӡәкуп Шьамтәыла инхо аскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба.

АҞӘА, мшԥ 7 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥснынтә ажәабжьк, аԥсыуак ила аҭаԥшра, ахатәы бызшәа ашьҭабжь агәхьаагара, Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа анылара агәаӷьра… Урҭ зегь еидызкыло агәыӷра… Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рахьтә иҟоуп абаҩхатәра злоу зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу ҳхылҵшьҭрақәа. Убарҭ дыруаӡәкуп Сириатәи Арабтә Республикаҿы инхо зыхьӡ нагоу аскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба. 2007 шықәсазы Аԥснытәи аделегациа сацны Дамаск ақалақь аҟны сыҟан. Убраҟоуп раԥхьаӡакәны дахьыздырыз Абдул Агрба. Дамаск инхо аԥсуаа зегьы реиԥш, Абдул Аԥснынтә аԥсуаа ааны иҟоуп ҳәа аниаҳа ҳаимыԥшаарц залшозма?! Зыблақәа амца зҽықәыҳәҳәа иҟаз ахьаагареи, агәыбылреи знубаалоз илакҭақәа иуарҳәоз рацәан… Зегь реиҳа игәы иҵхоз зҵааран Абдул Аԥсны аҭагылазаашьа аилкаара иԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа ахыҵхырҭақәа рыԥшаара знык иадымхаргьы иуаажәлар рыбла аҭаԥшра анбаилшои ҳәа.

Агәҭакы анынаӡо: Абдул Агрба иԥсадгьыл аҿы

Ииашаҵәҟьаны, инаӡеит Абдул акыр шықәса дыззыҳәоз игәҭакы. Мышқәак раԥхьа дыҟан Аԥсны, иԥсадгьыл ԥшӡа агьама хаа илаҽны дхынҳәыр акәхеит шықәсқәак раахыс дахьынхо Арабтәи Аемиратқәа рахь. Аха дгәыӷуеит аԥхынразы деиҭаап ҳәа иԥхыӡ иамоу иԥсадгьылахь — Аԥсныҟа!

"Сара сыскрипкарҳәаҩуп, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны акыр аконцертқәа мҩаԥызгахьеит. Аха сыгәҭакы ҽеила изымнаӡац. Избанзар, исҭахыуп сызхылҵыз сыԥсадгьыл аҿы сашәақәа рыбжьы гарц сақәгәыӷуеит мышкымзар мышкы сҭоурыхтә ԥсадгьыл сыбжьы аҳап ҳәа".

Аԥсны иазкыу иаԥҵамҭалоуп Абдул дахьыҟазаалакгьы иконцертқәа злааиртуа. Уи ианыԥшуеит автор иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь имоу игәҭахәыцрақәа. Ишьақәгылоуп хы-хәҭакны: Аԥсны аҭоурых, Аԥсадгьыл абзиабара, Аџьынџь дгьылахь ахынҳәра.

Абдул дхәыҷаахыс амузыка бзиа ибон, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгыланы, шәаҳәаҩык иаҳасабала ихы ааирԥшырц.

Абдул иаб 1974 шықәсазы Аԥсны дыҟан. Уаантәи даныхынҳә ашьҭахь еснагь ихәыҷқәа абас раиҳәалон: "Сара сыгәҭакы, шәара, сыҷкәынцәа инашәыгӡа. Шәҭоурыхтә ԥсадгьыл шәзыԥшуп, нхара ҳәа шәхынҳәыроуп, убра иҟалароуп шәара шәыԥсҭазаара".

"Саб, арҭ иажәақәа сахьцалакгьы исыцуп, сгәы иқәыҩуеит. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, сара схәыҷын, сашьеиҳаб Аԥсны дыҟан, деибашьуан. Сара атәымџьара насыԥ змоу уаҩны схы сыԥхьаӡаӡом. Сара Шьамтәыла (Сириа) сиит, аха ԥсадгьылс исымоу Аԥсноуп. Шьала-дала, сара саԥсыуоуп, ахәаԥшыҩцәа ус ауп сахьыҟазаалакгьы схы шыдсырдыруа", – дцәажәон Абдул.

Абдул Агрба дҭаацәароуп. Ирызҳауеит иԥеи иԥҳаи.

© Foto / Абдул Агрба ихатә архив аҟнытәАскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба
Аскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба - Sputnik Аҧсны
Аскрипкарҳәаҩы, акомпозитор Абдул Агрба

 

"Сара аԥсуа музыка бзиа избоит, хымԥада аԥсуа бызшәагьы сҵоит", — иҳәан искрипка аашьҭыхны ашәаҳәара дналагеит, инаигӡазгьы аԥсыуашәан:

Амра шынкаԥхаз абар,
Иаацырцырит ацәыкәбар,
Амахә снасыр иаақәацар,
Иалшоит амахә иахьыкәкәар!..

1979 шықәсазы апоет Нелли Ҭарԥҳа Сириа дыҟан. Лара уа лыҟазаара иалагӡаны длықәшәеит, усҟан жә-шықәса зхыҵуаз Абдул дазгәдууны даҳзаԥхьеит Нелли Ҭарԥҳа илырҵаз Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Сыхаара, сыԥсадгьыл".

Абдул иԥсадгьыл зегьы дахысны акәакьқәа зегьы рбара дазгәыкуеит. Иҭахыуп аԥсуа композиторцәа ибарц, раԥҵамҭақәа идырырц.

"Уахьыҟазаалакгьы, уконцертқәа ахьымҩаԥысуазаалакгьы, Аԥсныи уа инхо ужәлар реиԥш аӡәгьы уидикылаӡом. Иудыруаз, уара уаԥсыуоуп. Уԥсадгьыл уазышәаҳәалароуп, уаҟа иҟалароуп уҿиара", – абас еиԥш иеиҳәон Абдул иаб агастрольқәа рҟынтә аҩныҟа даныхынҳәлак.

Уажәазы Аԥсны инхоит Абдул иан Жьеиҳан Леиԥҳа, иашьа, иаҳәшьа. Иаб иԥсҭазаара далҵит. Ҳгәыӷуеит, Абдул иԥсадгьыл амч Аԥсныҟа даанагап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0