Рауль Ҳаџьымбеи арежиссиор Александр Сокурови реиԥылара мҩаԥысит

© Sputnik Илона ХварцкияВстреча Президента Рауля Хаджимба с режиссером Александром Сокуровым. Фото с места события.
Встреча Президента Рауля Хаджимба с режиссером Александром Сокуровым. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс азы Александр Сокуров истудентцәа иманы Фазиль Искандер иповест ''Софичка'' иалху афильм аҭыхра рҽазыркуеит.

АҞӘА, мшԥ 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба аурыс режиссиор Александр Сокуров диҧылеит аҧшьаша.

Аиҧылара алагамҭазы Александр Сокуров ифильмқәа рколлекциа ахада ҳамҭас ииҭеит. Урыстәылатәи арежиссер раҧхьаӡа акәны Аҧсны аҭаара алшара ахьиоуз азы ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит, иара убас иалкааны дахцәажәеит Аҟәа ақалақь архитектура. Сакуров аҳҭнықалақь Аҟәа ИУНЕСКО асиа ианҵатәуп ҳәа иҳәеит.

"Саршанхеит ақалақь, иара аҧшӡара ухнахыртә иҟоуп. Акультура аминистр слцәажәаны ажәалагала ҟасҵар сҭахуп ИУНЕСКО Аҟәа аҭоурыхтә ҵакы змоу қалақьны иахәаҧшырц азы.

Адунеиаҿ сахьнеихьоу аҭықәа рацәоуп, аха Аҟәа еиҧш қалақьк сымбацт. Ари ақалақь ауаҩра алоуп, ауаа рзоуп изыҟоу", — иҳәеит Сокуров.

Искандер изкны акультуратә фестиваль Аҟәа иаартызаауеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысуеит Фазиль Искандер ирҿиара иазку акультуратә фестиваль

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аҟәа аҭоурыхтә хаҿра ахьчара шаҭаху.

"Ииашаҵәҟьаны ҳаҳҭнықалақь аҭоурых, иааидкыланы ҳажәлар рҭоурых акырӡа ахыҵуеит. Ҳара иаҳуалуп ҳҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара. Иахьа ҳҿаҧхьа иқәгылоуп ахыдҵа — Аҟәа аҭоурыхтә хаҿра аиқәырхара", — иҳәеит ахада.

Рауль Ҳаџьымба Александр Сокуров иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Фазиль Искандер иповест ''Софичка'' шьаҭас иҟаҵаны афильм Аҧсны аҭыхра ахьыиӡбаз азы.

"Ари ахҭыс даараӡа акраҵанакуеит, уи иаҳәоит ауаа рҟынӡа знагара аҭаху, ауаҩышәаратә ҟазшьа ҳаракқәа, шҳамоу атәы", — азгәеиҭеит ахада.

Аиҧылара ашьҭахь Александр Сокуров афильм ''Софичка'' аҟны иалахәхо актиорцәа шамахамзар зегь шалху атәы ажурналистцәа иреиҳәеит.

"Ҩымш актиорцәа алҳаҧшаауан, акастингқәа мҩаҧаҳгон. Аҧсны ауаа џьашьхәқәа ҳҧыхьашәеит, иаҳҭахыз ароль хадақәа назыгӡо зегь ҳаҧшааит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ус шакугьы, макьана ҳрежиссиорцәа ара иҟазаауеит, иҵегь актиорцәа алырԥшаалоит. Сара стәала ҳзышьҭақәаз зегь ҳаҧшааит", — азгәеиҭеит Сокуров.

Ҳазҭоу ашықәс азы Александр Сокуров истудентцәа иманы Фазиль Искандер иповест ''Софичка'' иалху афильм аҭыхра рҽазыркуеит. Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистрра ацхыраарала.

Афильм аԥҵара аидеиа арежиссиор Олесиа Буриатчинко илтәуп (лара режиссиорс даман афильм "Фазиль и Антонина" ацикл "Больше чем любовь" аҟынтә). Акинорежиссер Александр Сакуров иҟазаратә гәыԥ мшаԥы 7 инаркны 8-нӡа Фазиль Искандер иҩымҭа "Софичка" ала зметр ҭбаау афильм алахәхаразы акастинг мҩаԥыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0