Ален Аҩӡба аԥкьаҭмпыласразы атурнир Messika Open-2015 даиааит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлен Аҩӡба аԥкьаҭасразы атурнир Messika Open-2015 даиааит
Ален Аҩӡба аԥкьаҭасразы атурнир Messika Open-2015  даиааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аиԥылара аҟны Ален Аҩӡба дицыхәмаруан Англиатәи аԥкьаҭмпыласҩы Лоуренс Перрин, дагьаиааит ҩ-сетк рыла 6:2, 6:1 ҳәа.

АҞӘА, мшԥ 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Ален Аҩӡба Израиль имҩаԥысуаз атурнир Messika Open-2015  даиааит, абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак иабжьгаҩ Алиас Асабуа.

Аҵыхәтәантәи аиԥылара аҟны Ален Аҩӡба дицыхәмаруан Англиатәи аԥкьаҭмпыласҩы Лоуренс Перрин, дагьаиааит ҩ-сетк рыла 6:2, 6:1 ҳәа.

Ален Аҩӡба Израиль имҩаԥысуаз аԥкьаҭмпыласразы атурнир ихы алаирхәырц азы ацхыраара ҟанаҵеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра. 

Ален Аҩӡба – аԥкьаҭмпыласразы 14 шықәса зхыҵуа рыбжьара адунеи актәи аракетка ҳәа ахьӡ имоуп. Урыстәыла имҩаԥысуаз атурнир "Рождественский кубок" данаиааи ашьҭахь иқәра иаҵанакуа аԥкьаҭмпыласыҩцәа рсиа аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0