Амедиаҳәшьа Тишьенко: ҳҳақьымцәа Анцәа иҳәон асолдаҭцәа еиқәхарц азы

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Тищенко Валентина Ивановна.
Ветеран ВОВ Тищенко Валентина Ивановна. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фы-мызтәи амедиаҳәшьа лкурсқәа дырхысны Валентина Тишьенко арратә хәышәтәырҭаҟны аусура далагеит.

ГАГРА, мшԥ 14 — Sputnik, Саида Жьиҧҳа. Валентина Тишьенко диит Гагра ақалақь, 1924 шықәсазы. 1942 шықәсазы Тишьенко Гагратәи авоенкомат ахь днеины афронт ахь дрышьҭырц дрыҳәеит. Аӡӷаб қәыҧш амедиаҳәшьа лкурсқәа дахырыҧхьаӡалеит, анаҩс аҧсшьарҭаҭыҧ "Челюскинцев" аҟны иаартыз арратә хәышәтәырҭаҟны аусура далагеит.

"Ихәыз асолдаҭцәа ҳзааргон. Имарианы ихәыз ирлас ршьапы иқәҳаргылон, анаҩс афронт ахь ихынҳәуан, ӷәӷәала ихәыз рыҧсеиқәырхара цәгьан, аамҭа рацәа аҭахын", — илгәалалыршәоит амедиаҳәшьа.

Ветеран ВОВ Петр Гребенюк. - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Гребениук: Иапониаа рыӷбақәа зегь ӡааҳарҟәрылеит

Аҧсшьарҭаҭыҧ "Челюскинцев" арратә хәышәтәырҭа аа-мза ракәын иахьаатыз, уи ашьҭахь ииаган ақалақьтә хәышәтәырҭахь.

"Ҳҳақьымцәа асолдаҭцәа рыҧсҭазаара иазықәҧон. Амедицинатә цхыраара адагьы рыҧсы еиқәхарц азы Анцәа ҳиҳәон", — еиҭалҳәон Тишьенко.

Валентина Тишьенко Гагратәи ахәышәтәырҭаҟны 1942 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа аус луан. Атыл аветеран Жуков имедаль, иара убас аиубилеитә медальқәеи ланашьоуп.

Аветеран Валентина Тишьенко Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аиааира ду амш рыдылныҳәалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0