Шәача напаҵаҩуп Аԥсны абиуџьетуаа руалафахәы ашьҭыхразы аиқәшаҳаҭра

© Sputnik Роберт ДжопуаМинистр финансов Абхазии Амра Кварандзия и министр труда и социальной защиты России Максим Топилин. Фото с места события.
Министр финансов Абхазии Амра Кварандзия и министр труда и социальной защиты России Максим Топилин. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афинансқәа рминистр Амра Кәаранӡиеи Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилини Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа руалафахәы ашьҭыхразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

ШӘАЧА, мшԥ 14 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраарала агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт ахырхарҭақәа рыла Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа руалафахәы ашьҭыхразы Аԥсны афинансқәа рминистр Амра Кәаранӡиеи Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилини аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

“Напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ду анагӡара иақәшәо иҟоуп. Ауалафахәқәа рышьҭыхра асоциалтә ҵак ду амоуп. Уи даҽа шьаҿак ҟанаҵоит Урыстәылеи Аԥсни реиҩызара арӷәӷәараҿы. Аиқәшаҳаҭра иабзоураны, Аԥсны атәылауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа акыр еиӷьхоит“, — лҳәеит Кәаранӡиа.

Напы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсны абиуџьетуаа руалафахәы Урыстәыла аладатәи афедералтә округ иазылху ауалафахәы аҩаӡара иаҟарахоит.

Ауалафахәы ашьҭыхра иаҵанакуеит 9,3 нызқьҩык ауаа, ҷыдала уи иазоужьхоит 275 миллион мааҭ. Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара ала агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа 11 рыла Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа  руалафахәы шьҭыххоит.

Напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ду анагӡара иақәшәо иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0