Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
22 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз ҳаибашьцәа рахьтә иҟан хәҩык ҷлоуаа рыҷкәынцәа: Одиссеи Адлеиба, Борис Инаԥшьба, Витали Быҭәба (хабарда дыбжьаӡит), Баҭал Џьопуа, Витали Акаба.

АҞӘА, мшԥ 15 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, раԥхьаӡа игаз ахысбжьы еиднакылеит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ҷлоу ақыҭа аҵеицәагьы. Ирацәаҩуп урҭ рахьтә Аиааира абара иахьымӡакәа зыԥсҭазаара зыжәлари зыԥсадгьыли ирыхҭнызҵаз афырхацәа. Егьа аамҭа царгьы урҭ рфырхаҵара аҭоурых иазынхоит, есииуа ирыциуеит.

Иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аҳаҭыразы аҩашаҽны Ҷлоу ақыҭа акультуратә хан аҟны имҩаԥысит ахәылԥаз. Уи рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Очмчыра араион ахадара, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сенер Гогәуа. Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа гәыԥҩык.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаҶлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
1/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
© Sputnik Сырма АшәԥҳаҶлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
2/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
© Sputnik Сырма АшәԥҳаҶлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
3/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
© Sputnik Сырма АшәԥҳаҶлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
4/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
1/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
2/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
3/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа
4/4
Ҷлоуаа иргәаладышәеит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рқыҭа аҵеицәа

Ахәылԥаз иалагаанӡа уи зхы алазырхәыз ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит иҭахаз Ҷлоу ақыҭа аҵеицәа рбаҟа амҵан. Анаҩс акультуратә хан ахыбраҿ иҟоу амузеи аҟны ицәыргақәҵан Рамин Қаџьиа аибашьраан иҭихыз афотосахьақәа. Амузеи аиҿкаареи ахәылԥаз амҩаԥгареи зџьабаа аду амузеи аиҳабы Мзиа Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара изызҳауа абиԥарақәа рзы аҵак ду шрымоу, афырхацәа иҿырԥшыганы иҟаларц шакәу.

"Ҳажәлар ихамшҭыхәны ирзыҟалаз аибашьра, аԥсыуак иԥсы ҭанаҵы хашҭра ақәым. Ҳаҷкәынцәа ршьала иҿыху ҳадгьыл ақәыԥсычҳабжь ҳахьыҟазаалак иаҳныруазароуп. Ауаҩытәыҩса аԥсра абла данҭаԥшуа цәгьоуп. Аха аԥсадгьыл амч ӷәӷәоуп, уи ахьчараз рхы иамеигӡеит ҳҵеицәа. Шәымшәан, абааԥсы, аиааира ҳара иаҳгоит – шаҟа рыҵаркуазеи арҭ ажәақәа!"

Ахәылԥаз зхы алазырхәыз, марттәи ажәылараҿы иҭахаз Одиссеи Адлеиба иан, Џьулетта Адлеиԥҳа лыҷкәын дизгәыдууп.

"Ҳара ҳаҷкәынцәа анҭаха ашьҭахь, аа-мзы инарзынаԥшуа рыԥсыбаҩқәа ҳмоуӡеит. Аԥсра еиҭаԥсра ҳахьызшәа иҳадаҳкылеит. Аԥсадгьыл ахьчара рхы ахҭнырҵазар, иахьа Анцәа иџьшьаны иҳамоуп иргаз аиааира. Ҳадмырԥхашьеит, ахаҵа ишиаҭәаз рхы аадырԥшит", — лҳәеит Адлеиԥҳа.

Агәалашәаратә хәылԥазахьы ҷыдала ааԥҳьара рыман Ҭырқәтәылатәи аԥсуа еибашьцәа. Шьандуан Ажәанба, аибашьратә мшқәа игәаларшәо, гәахәас иҟаиҵеит иахьа аҷҷаҳәа аҿар аԥсшәа ҳәо иахьырԥылаз.

"Сара сабду Ҭырқәтәыла диит. Уи иаб иоуп Аԥснынтәи инеиз. Ҳаԥсадгьыл аҟны аибашьра алагеит ҳәа заҳаз Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа акыр агәыхь алырхит. Арахь излаара амҩа иашьҭалеит. Ҳара иаҳуалԥшьан ҳџьынџьдгьыл ахьчара, араҟа ҳшьа акаҭәара. Аиааира згаз шәарҭ, ҳанацәа, шәоуп. Шәара ишәылшеит аԥсуа фырхацәа рааӡара. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит!" — иҳәеит Ажәанба.

Акультуратә хан аҟны имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рымчала еиҿкааз аконцерт.

Ажәабжьқәа зегьы
0