Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Кирови Иошкар-Олеи иқәгылоит

© Фото : сайт Марийского театра оперы и балетаМаритәи Е. Сапаев ихьӡ зху абалети аопереи рзы аҳәынҭқарратә театр. Архивтә фото.
Маритәи Е. Сапаев ихьӡ зху абалети аопереи рзы аҳәынҭқарратә театр. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи мшаԥымза 18-19 рзы ақалақь Киров Александриатәи акостель аҟны аконцерт мҩаԥыргоит, мшаԥымза 22 рзы Мариитәи Аҳәынҭқарратә аоператә театр Ерик Сапаев ихьӡ зху аҟны.

АҞӘА, мшԥ 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиеи ашәаҳәаҩ Кристина Ешԥҳаи Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра иазку аконцертқәа мҩаԥыргоит. Абри атәы Лука Гаделиа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит.

Кировтәи аконцерт мҩаԥысуеит жәларбжьаратәи афестиваль "Вятская весна 2015" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аконцерттә программа традициала ишьақәгылоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рахь иаҵанакуа аԥҵамҭақәа рыла, иара убас аконцерт иаҭаауа алшара роуеит аԥсуа милаҭтә ашәақәа рзыӡырҩрра.

"Ари афилормониеи сареи акыр шықәса зхыҵуа аиҩызара ҳабжьоуп. Аҩбатәи акурс аҟны сантәаз, исоуз ааԥхьарала Кировҟа сааит аконцерттә программа сыманы. Анаҩс, шьҭрала и-Кировтәу Евгени Субботини сареи араҟа ҳаицықәгылон. Кристинеи сареи араҟа ҩынтәны аконцерт ҳамоуп. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп Аԥсны акультура аминистрра ари аусмҩаԥгатә иахьахаҵгылаз азы", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Аԥсуа музыкантцәа ргострольтә тур иацырҵоит мшаԥымза 22 рзы Иошкар-Ола Мариинсктәи аҳәынҭқарратә оператә театр аҟны.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филормониа асолистцәа, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа рконцерттә программа еиуеиԥшым ауарӷани авокалтәи ԥҵамҭа лыԥшаахқәа рыла ишьақәгылоуп. Азал аҟны иҩнагылоу ауарӷан афранцыз фирма "Daniel Kern" иатәуп, иргылоуижьҭеигьы рацәак ҵуам.

Ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа анаҩстәи иконцерт мҩаԥысуеит лаҵарамза хԥа Пицундатәи ауахәамаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0