АҞӘА, мшԥ 20 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Иван Разаренов иеибашьратә мҩа атәы аиҭаҳәара далагеит 1941 шықәсазы арра ианиԥхьаз аамҭа инаркны. Аибашьцәа Украинатәи ақалақь Бердичев аҟны еизыргеит.
"Ҳара 19-тәи иласны еиқәыршәаз амеханикатә корпус ахь ҳрышьҭит. Мызкы ашьҭахь аибашьра иалагеит", — игәалашәарақәа еиҭеиҳәеит аветеран.
Иван Разаренов аибашьраҿы еимадаҩыс дыҟан.
"Анемец усҟан ҳа ҳахь дмааицызт. Ҳара аруаҩ қәыԥш икурс ҳахысхьан, аха аҵара ҳзыхьӡаз маҷын", — иҳәеит Разаренов. Ҩымзҟа рышьҭахь аибашьра ахаҿраҵәҟьа аанарԥшит. Ӡынран. Аӡиас Днепр ҳарыр акәын, ахьҭа бааԥс ыҟан. Иааҳакәыршаны апулеметқәа хысуан. Асолдаҭцәа рацәаҩны уаҟа наӡаӡа инхеит".
Анемеццәагьы маҷымкәа уаҟа иҭаҳархеит, игәалаиршәеит аветеран.
"Ҳара ҳамҩа Венгриантә ицон, — иажәабжь иациҵеит аветеран. – Ҳара аимадаҩцәа, аӡиасаҿ иҟаз аидыслара хлымӡаахқәа ҳазлахәыз еиԥш уаҳа ҳақәымшәеит. Аиааира шаҳгаз ҳаҳаит Прага ҳшыҟаз. Ари амш хашҭра сзақәым", — азгәеиҭеит Разаренов.
Аибашьра анеилга шықәсык ашьҭахь Иван Разаренов аррамаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит. Тулаҟа дцеит, аҭаацәара далалеит, аҷкәын диоуит. Аха 1949 шықәсазы аус ахьиуаз азауад ацех аиҳабы идҵала Аԥсныҟа даауеит.
"Раԥхьа сгәы иаанагон аамҭалоуп Аԥсныҟа сшааз ҳәа, аха ара сшынхоз анеилыскаа сҭаацәагьы аазгеит", — иҳәеит аветеран.
Акыршықәса инеиԥынкыланы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Иван Разаренов аус иуан Аҟәатәи афизика-техникатә институти, Аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ аҟни.
"Сара сҵаҩцәа иахьагьы сырбаразы исҭаауеит, сгәы иалоуп сгәамбзиара иахҟьаны аус ахьысзымуа", — иҳәеит Разаренов.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Иван Андреи-иԥа Разаренов диит абҵарамза 17, 1921 шықәсазы ақалақь Пенза. 1949 шықәсазы уи иҭаацәа иманы Аԥсны, аҳабла Агәуӡераҟа даауеит, иахьагьы уа дынхоит.