Адгәыр Ӡиӡариа: Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа аҳауа цқьа ҿамҩак иаҩызоуп

© Sputnik Томас ТхайцукВыставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
Выставка 34 домашних задания Архипа Лабахуа. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аматериалқәа ирылху асахьақәа, иара убас ажәҵарақәа рзы адизаинертә ҩынқәа рекспозициа еидызкылдо, "Аҩныҟатәи адҵақәа 34" захьӡу асахьаҭыхҩы-адизаинер Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны.

АҞӘА, мшԥ 20 – Sputnik Анастасиа Никонова. Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа аҳауа цқьа ҿамҩак иаҩызоуп ҳәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Ацәыргақәҵа даара иласуп, ирацәаны уархәыцуеит. Иаҭааз арҿиаратә ус дахәҭакхоит. Аҟазара хьанҭазар ҟалаӡом. Абри ацәыргақәҵеиԥш иласызароуп. Иубартә иҟоуп ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирбаз шыргәаԥхазгьы", – азгәеиҭеит Ӡиӡариа.

Ацәыргақәҵа атемақәа руак "12 знаков зодиака", автор иажәақәа рыла, ахьӡала иган. Аҩбатәи – "Ажәҵысқәа рзы адизаинертә ҩынқәа".

© Sputnik Томас ТхайцуукВыставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
1/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
© Sputnik Томас ТхайцукВыставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
2/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
© Sputnik Томас ТхайцукВыставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
3/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
1/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
2/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.
3/3
Выставка "34 домашних задания Архипа Лабахуа". Фото с места события.

"12 шықәса раԥхьа иҭацәыз мызкы ансымаз уск схазы исыӡбеит. Сара агороскоп уамак бзиа избаӡом, убас атема "12 знаков зодиака" ахьӡала иган. Аха 12 сахьа рцәыргара мацара азхаӡомызт, ус иҵегь амодельқәа рыцҵара сыӡбеит. Ихыҭхәыцаау амодельқәа раԥҵара аинтерес ду аҵан. Амала аԥсыӡқәа макьана исзымхәыцӡаацт. Шықәсык аԥхьа сара хы мақәиҭны даҽа шықәсык сыман, ажәҵарақәа рзы аҩын хәыҷқәа рыҟаҵара салагеит", – иҳәеит Лабахәуа.

Асахьаҭыхҩы-адизаинер иажәақәа рыла, аҩынқәа афункционал рымоуп, ахыб бзиа рықәуп уи абзоурала ақәа раԥырхагаӡам.

"Ҳжәытә шьаҟақәа рыҟны икнасҳаит, аха ажәҵарақәа аҳауаҿ аҟазаара уамак бзиа ирбаӡом, аҩнқәа абӷьыжә иаҵәахуа иҟазароуп. Ажәҵарақәа урҭ аҩнқәа ишрыҩнало анызбо сгәырӷьоит. Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара бзиа ишубо аиҭаҳәара аҭахӡам", – иҳәеит иара.

Аскульптор, асахьаҭыхҩы-адизаинер Архип Лабахәуа еиуеиԥшым аматериалқәа ирылху асахьақәа иара убас ажәҵарақәа рыҩнқәа рцәыргақәҵа мшаԥы 25-нӡа иаартызаауеит

Ажәабжьқәа зегьы
0