Амцарцәаратә усбарҭақәа амцарцәара-еиқәырхаратә спорт аҟны реицлабра

Анапаҵаҩра
Амцарцәара-еиқәырхаратә спорт азы аицлабрақәа ирылахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә амцарцәара-еиқәырхаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

Аицлабрақәа рҟны аиааира агеит Гәылрыԥшьтәи амцарцәаратә ҟәша.

Амца аҽацәыхьчара иазку амш аԥҵан 97 шықәса раԥхьа. 1918 шықәса, мшаԥымза 17 рзы Владимир Ленин инапы аҵаиҩит "Амца аҽацәыхьчаразы аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа реиҿкааразы" захьӡыз Жәлар Комиссарцәа Рхеилак адекрет. Уи адокумент акыр анырра ҟанацеит амца аҽацәыхьчара асистема аҿиареи ашьақәгылареи рус аҿы.

 

 

© Sputnik Томас ТхайцукАмцарцәара-еиқәырхаратә спорт алахәцәа ԥшь-спорт хкык рҟны еицлабуан: амардуан ала ахалара, аԥықәсларақәа зцу шә-метрак аҩра уҳәа убас егьырҭгьы.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
1/15
Амцарцәара-еиқәырхаратә спорт алахәцәа ԥшь-спорт хкык рҟны еицлабуан: амардуан ала ахалара, аԥықәсларақәа зцу шә-метрак аҩра уҳәа убас егьырҭгьы.
© Sputnik Томас ТхайцукОчамчыратәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша ахаҭарнак еиӷьу аамҭа аарԥшра иҽазишәоит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
2/15
Очамчыратәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша ахаҭарнак еиӷьу аамҭа аарԥшра иҽазишәоит.
© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭатәи акоманда алахәцәа аицлабра ахкқәа руак аҟны зегьы ираԥыргарц иашьҭоуп.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
3/15
Гәдоуҭатәи акоманда алахәцәа аицлабра ахкқәа руак аҟны зегьы ираԥыргарц иашьҭоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАмцарцәаҩ аӡы ауижьҭуеит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
4/15
Амцарцәаҩ аӡы ауижьҭуеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАӡбаҩцәа аицлабра ахкқәа руак алҵшәақәа реихшьаала ҟарҵоит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
5/15
Аӡбаҩцәа аицлабра ахкқәа руак алҵшәақәа реихшьаала ҟарҵоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАӡбаҩ Сергеи Нерсесиан амцарцәаратә спорт аицлабра аԥҟарақәа рынагӡара дахылаԥшоит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
6/15
Аӡбаҩ Сергеи Нерсесиан амцарцәаратә спорт аицлабра аԥҟарақәа рынагӡара дахылаԥшоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАкомандақәа рылахәцәа еицлабуеит раԥхьа амардуан ала ахалара зылшо ҳәа.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
7/15
Акомандақәа рылахәцәа еицлабуеит раԥхьа амардуан ала ахалара зылшо ҳәа.
© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭатәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша ахәмарҩы амардуан ала ахалараҿы аԥыжәара игеит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
8/15
Гәдоуҭатәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша ахәмарҩы амардуан ала ахалараҿы аԥыжәара игеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАицлабрақәа реиҿкааҩцәа ахәмарыҩцәа ааха рмоурц иахылаԥшуеит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
9/15
Аицлабрақәа реиҿкааҩцәа ахәмарыҩцәа ааха рмоурц иахылаԥшуеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша азхиоуп еихыҵуа амардуан ала ахаларазы аицлабра аҽалархәра.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
10/15
Аҟәатәи амцарцәаратә-еиқәырхаратә ҟәша азхиоуп еихыҵуа амардуан ала ахаларазы аицлабра аҽалархәра.
© Sputnik Томас ТхайцукЕицлабуа еихыҵуа амардуан рыманы иҩны инеиуеит .
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
11/15
Еицлабуа еихыҵуа амардуан рыманы иҩны инеиуеит .
© Sputnik Томас ТхайцукАхәмаррақәа рыӡбаҩ иԥхьаӡоит акомандақәа иаадырԥшыз аамҭа.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
12/15
Ахәмаррақәа рыӡбаҩ иԥхьаӡоит акомандақәа иаадырԥшыз аамҭа.
© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи акоманда ахаҭарнак аԥықәсларақәа зцу шә-метрак аҩра далахәуп.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
13/15
Аҟәатәи акоманда ахаҭарнак аԥықәсларақәа зцу шә-метрак аҩра далахәуп.
© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭатәи ахәмарҩы аԥықәсларақәа дырхысуеит шә-метрак аҩра аҟны.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
14/15
Гәдоуҭатәи ахәмарҩы аԥықәсларақәа дырхысуеит шә-метрак аҩра аҟны.
© Sputnik Томас ТхайцукАицлабрақәа рыӡбаҩцәа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟарҵоит.
Соревнования МЧС - Sputnik Аҧсны
15/15
Аицлабрақәа рыӡбаҩцәа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0