Ҳашыг: амассатә-информациатә хархәагақәа апропагандахь иаго иалагеит

© Sputnik Томас ТхайцукИнал Хашиг
Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амультимедиатә агентра Sputnik азы еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Reseacrh Европа атәылауаа Украинатәи акриз аарԥшышьа агәра ахьынӡарго аилкааразы имҩаԥнагаз жәларбжьаратәи аҭҵаара алҵшәақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит ажурналист Инал Ҳашыг.

АҞӘА, мшԥ 21 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Иахьазы, амассатә-информациа хархәагақәа реиҳарак ауаа аинформациа рыҭара, еиуеиԥшым агәаанагарақәа раарԥшра ахаҭыԥан, еилкаам аидеологиа апропаганда аҟаҵарахь ииасит, иҳәеит ажурналист Инал Ҳашыг.

Ажурналист иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр ҟалоит, адунеи аинформациатә хархәагақәа идеологиатә усуаҩцәаны акәымкәа рнапынҵақәаҵәҟьа нарыгӡо иҟалар.

"Ари зегьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аинформациатә хархәагақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа аанарԥшуеит, аиашагьы иақәшәоит. Адунеи даҽа еибашьра хьшәашәак аамҭа иҭагылеит иахьа, уи аинформациа анагашьа ианымԥшырц залшом. Убри аҟнытә, аинфоормациатә хархәагақәа рганахь ала агәрамгара ыҟоуп", — иҳәеит Ҳашыг.

Ажурналист игәаанагарала, агәрамгара зыхҟьо ак акәны иҟоуп аинформациатә хыҵхырҭақәа рырацәара.

"Аинформациатә хыҵхырҭақәа шаҟа ирацәоу аҟара, убриаҟара агәрамгара иазҳауеит. Уи Европа мацара акәӡам ус иахьыҟоу, адунеи зегь аҟны ус ауп", азгәеиҭеит Ҳашыг.

Европа сомневается в объективности освещения событий на Украине - Sputnik Аҧсны
Европаа агәра рызгом Украинатәи акризис ишыҟаҵәҟьоу аарԥшра амоуп ҳәа

Аексперт излаиҳәо ала, аинтернет иунаҭо аинформациа рацәоуп, убри аҟнытә уи ахархәаҩцәа ироуа аинформациа зегьы еиҿдырԥшуеит. Ҳәарада, ауаа имаҷымкәа азҵаарақәа рызцәырҵуеит еиуеиԥшым аинформациа азнагашьазы.

Амультимедиатә агентра Sputnik еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә компаниа  ICM Reseacrh ацхыраарала имҩаԥнагаз жәларбжьаратәи аҭҵаара "Sputnik. Агәаанагара" алҵшәақәа иаадырԥшит Британиа ду, Германиа, Бырзентәыла, Франциа ртәылауаа Украинатәи акризис аинформациатә хархәагақәа ишаадырԥшуа агәра ахьынӡарго.

Аҭҵаара алҵшәақәа ишырҳәо ала, азҵаара зҭаз Германиа атәылауаа рыбжеиҳараҩык Украина иазку аинформациа агәра ргаӡом, Бырзентәыла акәзар агәрамгара змоу рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп. Рмилаҭтә информациатә хархәагақәа рыгәра ргаӡом, иара убас, Франциа иқәынхо ауаа рыбжа иназынаԥшуа, Британиа ду ауааԥсыра ракәзар агәрагара рыцәмаҷуп азҵаара зыҭаз рыбжеиҵыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0