Аҟәа имҩаԥысит "Абаза жәлар рҿар" захьӡу жәларбжьаратәи афорум

© Sputnik Томас ТхайцукМеждународный форум "Молодежь народа абаза". Фото с места события.
Международный форум Молодежь народа абаза. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсуа-абаза етнос аҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" Аԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилаки имҩаԥыргеит "Абаза жәлар рҿар" захьӡу жәларбжьаратәи афорум.

АҞӘА, мшԥ 22 – Sputnik, Анжелика Бениа. Жәларбжьаратәи афорум "Абаза жәлар рҿар" имҩаԥган Аҟәа, ахаша.

Жәларбжьаратәи афорум "Абаза жәлар рҿар" аусураҟны рхы аладырхәит аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, ихаҭыуаҩ Витали Габниа, аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, Ашәарҭдадаратә маҵзура амаӡаныҟәаҩ Муҳамед Кьылба, аҳәынҭқарра аспорт акомитет ахантәаҩы Баграт Хәытаба, Аԥсни, Ҟарачы-Черкесски, Ҭырқәтәылеи рҿартә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аҿар ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо афорум амҩаԥгара ахәарҭара азгәеиҭеит.

"Ҳахьыҟазаалакгьы жәларык реиԥш ҳаидгылар ҳаззымиааиуа проблема ҳәа ҟалаӡом. Ҳаизыҟазаашьақәа анегативтә хырхарҭа роур ҳамуроуп. Иҟоуп проблемақәак, аха иҟаӡам ҳаицхырааны  ҳаззымиааиуа зҵааракгьы. Еилкааны ишәымазароуп аҳәынҭқарраҟны ирласны аиҭакрақәа шыҟамло. Ишәзеиӷьысшьоит ачҳареа, ақәҿиарақәа, аиааира дуқәа" – иҳәеит Ҳаџьымба.

Абаза-аԥсуа етнос хеилак "Алашара" ахада Муса Екзеков иазгәеиҭеит аҿара еидгылар имаҷымкәа апроблемақәа рыӡбара шрылшо атәы.

"Аԥсуаа, абазаа жәларык ҳауп, абра иааизаз зегьы аус бзиақәа ҳарҿуп, ҳааидгылар аҿар ишәымоу аԥышәа ҳхы иаҳархәароуп, аусураҟны уи иҿыцу импульсуп. Зегь реиҳа ихадоу азеиԥш платформаҟны аус ҳуроуп.  Хырхарҭак ауп иҳамоу  – ҳаԥсҭазаара аиӷьхара, ҳаԥсадгьыл ҿиарц азы ҳаицхырааны апроблемақәа риааира", — азгәеиҭит Екзеков.

Афорум апрограмма ахь иаҵанакуан абс еиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбара: абаза-аԥсуа ҿар реиҩызара русеицура аҟны алшара ҿыцқәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны, аҿар ауаажәларратә ԥсҭазаарахь ралырхәра аҿаратә хеилакқәа рхархәара, аетнос аизакразы азеиԥштә еиԥыларақәа, ахәылԥзқәа, аныҳәақәа реиҿкаара.

Аилатәараҟны Аԥсни, Ҟарачы-Черкесски, Ҭырқәтәылеи аҿар хеилакқәа рхаҭарнакцәа адокладқәа ирыԥхьеит.

Афорум алахәылацәа адокладқәа ирыԥхьаны иалацәажәеит, анаҩс Аԥсни, Ҟарачы-Черкесски, Ҭырқәтәылеи аҵакырадгьылқәа рыҟны азеиԥштә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара атәы зҳәо ақәҵара рыдыркылеит: Абаза абираҟ амш азгәаҭара, аҿар аԥхынра ашьха рыԥсшьара, итрадициатәу аспортхкқәа рымҩаԥгара, жәлар рашәақәеи жәлар рыкашареи рфестивальқәа рымҩаԥгара, уҳәа егьырҭ аныҳәақәагьы.

Аиԥылара ашьҭахь афорум алахәылацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рбаҟа, иара убас Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра абаҟақәақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит анаҩс алахәылацәа Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа иаҭааит.

Международное объединение содействия развитию абазино-абхазского этноса "Алашара" иаԥҵан 2013 шықәса хәажәкыра, а бизнесмен, амеценат, атехникатә ҭҵаарақәа рдоктор Муссы Екзеков иаԥшьгарала. "Алашара" ахықәкы – абаза-аԥсуа етнос аизакра, асоциал-економикатә ҿиара, аҿар аҿиара, абызшәа ахьчареи аҿиареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0