Аветеран Устиан: ишакәхалакгьы аимадаратә цәаҳәа шьақәыргылатәын

© Sputnik Томас ТхайцукВетераны ВОВ. Устян Назар Саркисович.
Ветераны ВОВ. Устян Назар Саркисович. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Назар Устиан аррахь иԥхьеит 1940 шықәсазы аибашьра аламҭалаз.

АҞӘА,  мшԥ 24 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аидыслара хлымӡаах ацара иаҿын, абарҭ ажәақәа рыла далагеит иажәабжь Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Назар Устиан. Абатальон акомандаҟаҵаҩ Назар Устиани уи иҩызеи адҵа риҭеит ишакәхалакгьы аибашьцәа реимадаратә цәаҳа шьақәдыргыларц.

Аветеран Расим Оҭырба - Sputnik Аҧсны
Аветеран Расим Оҭырба 14 шықәса дшырҭагылаз аибашьра ихьӡеит

"Ахқәа иааҳакәыршаны ииаҟьаны ацара иаҿуп. Ҳара аимадаратә цәаҳәақәа ҳаманы ацара ҳаҿуп, иахьыԥҵәаз ҳаԥшаарц ҳашьҭоуп. Сара ацәалашәара соуит иҽеим ак шыҟалоз, ацәаҳәа аҵыхәа кны аӡә дахозшәа сгәы иабон. Сара апулемиот аашьҭысхын схысит. Анаҩс излеилаҳкааз ала, анемеццәа ашьацҳәа ҳзырҳарц иаҿызаарын, аха урҭ рыгәҭакы иахьысымгӡеит. Аимадаратә цәаҳәа шьақәҳаргылеит, аибашьцәа еимаҳдеит", — иҳәеит аветеран.

Назар Устиан иажәақәа рыла, ҳәашьа змам ихлымӡаахыз ахҭысқәа есыҽны дрықәшәон. Аха урҭ рахьтә хҭыск еиҭеиҳәеит.

"Ари ахҭыс Германиатәи аӡиас Одер ицоз аидыслара аамҭазы иҟалеит. Сҩыза асвиазисти сареи адгьыл ҳақәиан, аха уи иаалырҟьаны амҩа еихиҵәарц иӡбеит, дааныскыларц ҿысҭит, аха сыбжьы имаҳаӡакәа амҩа еихиҵәеит. Анаҩс апулемиот ахысбыжьқәа геит, иаахаз ахқәа иԥсҭазаара ҿахырҵәеит уаҟа. Ахысбыжьқәа анеихсыӷь, сҳәазаны снеин идокументқәеи аҩныҟа зышьҭра дахьымӡаз асалам шәҟәқәеи иџьыба иҭысхит, иҭаацәа иара дызларгәалашәаша нхарц азы", — иҳәеит аветеран.

Минуҭқәак рышьҭахь Назар Устиан ишьапы ахәра аиуит.

"Сшьапы сымаҭәа ԥжәаны иҿасҳәеит, нас сбатальон ахьыҟаз сдәықәлеит, аха урҭ уа иҟамызт. Хәажәкырамзан, асы макьана имыӡҭыцызт, аныҟәара даара иуадаҩын. Аибашьцәа сышьҭыхны агоспиталь ахь сахьынӡаргоз, ашьа рацәаны исыцәцахьан", — еиҭеиҳәоит Устиан.

Аветеран иажәақәа рыла, агоспиталь аҟны уи иаразнакы аԥҟарҭатә стол дықәырҵеит, аха уи анаркоз мап ацәикит.

"Аснариад аԥҽыхақәа руак аҳақьымцәа сшьапы ирзалымхит, уи гәаларшәагас инхеит", — дԥышәырччо иҳәеит аветеран.

Аиааира амш Назар Устиан агоспиталь аҟны даԥылеит. Агәырӷьара ду зегьы амҽханакит, ӷәӷәала ихәны ишьҭазгьы уахь иналаҵаны, урҭ рхьаа чҳаны игыланы игәыдеибакылон, игәалаиршәоит Устиан.

Аҩныҟа Назар Устиан дхынҳәит 1946 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0