АҞӘА, мшԥ 26 – Sputnik. Асабшаҽны Непал иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара ҩ-нызқьҩык иреиҳахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Атәыла аиҳабыра уаанӡа изларҳәоз ала, иҭахаз 1900-ҩык иреиҵамызт.
Аинормациатә маҵзура Франс Пресс аҭыԥантәи аиҳабыра ражәақәа рыла излаанацҳауа ала, иҭахаз ҩ-нызқьык иреиҳахахьеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Непал аҳҭнықаақь Катманду 700-ҩык инареиҳаны иҭахеит, адгьылҵысра иахҟьаны ахыбрақәа маҷымкәа ибгеит.
7,9 балл амчхара змаз адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит Непал асабша ашьыжь асааҭ 06.11 рзы. Адгьылҵысра агәҭа Непал аҳҭнықалақь Катманду 82 километр иацәыхаран.
2013-2015 шықәсқәа рзы адунеи аҿы иҟалаз адгьылҵысра дуқәа
Мшаԥымза 17, 2015 шықәсазы 6,5 балл амчхара змаз адгьылҵысра ҟалеит Фиджи ареспублика аҿы. Адгьылҵысра аепицентр 224 километр бжьан Фиджи ақалақь Ламбаса аҟынтәи.