00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа боксерцәа Шәача аԥхьатәи аҭыԥқәа ааныркылеит

CC0 / / Боксерская перчатка. Архивное фото.
Боксерская перчатка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25-ҩык Аԥснытәи абоксиорцәа Шәача имҩаԥысуаз абокс азы ақәыԥшцәа рыбжьара иаарту аицлабраҟны ҳаԥсадгьыл ахьӡ ҭыргон.

АҞӘА, мшԥ 28 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсуа боксиорцәа Шәача имҩаԥысуаз ақәыԥшцәа рыбжьара абокс азы иаарту аицлабраҟны ахьтәы медалқәа фбеи, иара убас араӡны медалк ргеит, абри атәы аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәа ақалақь ахеилак Sputnik иазаанацҳаит.

Акомитет ишаанацҳауа ала раԥхьатәи амш аҽны 2003-2004 шықәсқәа рзы ииз ақәыԥшцәа рыбжьара аицлабраҟны иаиааит Данил Таниеи лаша Гогиеи – раԥхьатәи аҭыԥ; аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Алмас Адлеиба.

2001-2002 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара аицлабраҟны қәҿиаарла иқәгылеит Рустам Сарсаниа, Гәыдиса Хьыбба, Енрике Аргәын иара убас Саид Берзениа. Афинал аҟны ахьтәы медалқәа ириааит.

"Ҳаспортсмен қәыԥшцәа аицлабраҟны қәҿиарала иқәгылеит, ибзианы рхы аадырԥшит, уи ишаҭаху афизикатә зыҟаҵара рымоуп ауп иаанало. Арҭ ақәԥарақәа аспорттә ԥышәа ҳараки, аспорттә еизҳареи рынаҭоит. Анаҩсгьы иҳараку аҩаӡара змоу аицлабрақәа рҟны ишахәҭоу Аԥсны ахьӡ ҭыргалоит", – ҳәа аанашьҭуеит акомитет.

Мшаԥы 25 инаркны 27-нӡа Аҟәа ақалақь ахадаар Шәачаҟа ирышьҭит абокс азы ақалақь акоманда 11-ҩык аспортсменцәа аицлабра рҽаладырхәырц азы. Аицлабра иалахәын 300-ҩык абоксерцәа Шәача, Ҭҟәаԥс, Адлер уҳәа егьырҭ арегионқәа рҟынтә.

Ажәабжьқәа зегьы
0