АҞӘА, мшԥ 28 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны агәы иҭоуп иҟоу алшарақәа зегь ахы иархәаны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аани асовет аамҭеи рзы иӡыз аҭоурыхтә ҭынха иаҵанакуа амаҭәарқәа рыргьежьра. Абри атәы иҳәеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лабжьгаҩ Алхас Кәарацхьелиа.
Акультуратә ҭынха Аԥсныҟа аргьежьразы Аԥсни Қырҭтәылеи реиҿцәажәара ахьалшо Женеватәи аиԥыларақәа рыҟны ауп. Уаҟа Аԥснытәи аган ари азҵаара изныкымкәа иқәдыргылахьеит иҳәеит Кәарацхьелиа.
"Аиаша аабозар ауп. Ҳара ҳақәгәыӷуам Қырҭтәылатәи аган азнеишьақәа аԥсахуеит ҳәа. Хықәкыс иҳамоу знымзар-зны иҟоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынӡа иҳазнагозар ҳәа ауп, иаҳҳәап ИУНЕСКО аиԥш иҟоу. Ҳара уи ҳақәгәыӷыр ауеит, избанзар акультуратә ҭынха аполитикатә зҵаарақәа рыӡбараҟны ахархәара ҟалом", — иҳәеит абжьагаҩ.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа игәаанагарала, Қырҭтәыла игаз акультуратә ҭынха Аԥсныҟа аргьежьра азҵаара иахьагьы иҵарны иқәгылоуп.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иацәыӡит 100 инеиҳаны аекспонатқәа. Уахь иаҵанакуеит аҟамақәа, ахьи араӡни ирылху уҳәа аҭоурыхтә ҟазшьа ҷыда змоу амаҭәарқәа.
"Ҳара азин ҳамоуп иаҳцәыӡыз маҭәарцыԥхьаӡа рыргьежьра, аха уи азы алшарақәа маҷуп", — азгәеиҭеит Џьопуа.
Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа игаз амаҭәарқәа рыбжьара иҷыдоу аҵакы рымоуп асовет аамҭазы игаз, аха урҭ рыргьежьра Қырҭтәыла агәгьы иҭам, иҳәеит Џьопуа.
Џьопуа иажәақәа рыла, аԥырхага ӷәӷәа ҟанаҵоит иара убас "ажҩы еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу, урҭ изакәанымкәа Аԥсны иалыргоит аҭоурыхтә маҭәарқәа. Урҭ русура аҭыԥантәи ауаа анацхраауагьы ыҟоуп, азгәеиҭеит амузеи адиректор.
Аркади Џьопуа игәаанагарала акультуратә ҭынха аиқәырхаразы Аԥсны аус зуа азакәанқәа аграқәа рымоуп.
Аԥсны иацәыӡыз хәы змам аматериалқәа рахь иаҵанакуеит Пицундатәи ауахәама иҩнагылаз ахьтәы џьар, еицырдыруа Пицундатәи анхарҭа амозаикатә дашьма, Бедиатәи ахмаҷыр, араӡны иалху Ешыратәи акәылӡхылԥа уҳәа убас егьырҭгьы.