АҞӘА, мшԥ 30 – Sputnik, Анжелика Бениа. Гагратәи алицеи-интернат ашколхәыҷқәа имҩаԥыргеит VI-тәи ашколтә ҭҵаара-техникатә цәыргақәҵа Аҟәа ақалақь аҟны, аԥшьаша.
Гагратәи алицеи-интернат аҵараҟәша аиҳабы Азиз Нурмиев излаиҳәаз ала, ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысуеит, уажәраанӡа имҩаԥыргон Гагратәи алицеи-интернат ахыбраҟны.
"Ари ашықәс азы ацәыргақәҵа аҳҭнықалақь ахь аиагара ҳаӡбеит. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа адунеи аҟны ирацәаны имҩаԥыргоит. Аԥсны азы ари иҿыцу акоуп, макьана ҳара ҳауп еиҿызкаауа. Ари ацәыргақәҵа Аԥсны ашколқәа зегьы рзы ҿырԥшыс иҟалап ҳәа сгәыӷуеит. Уи цхыраагӡахон Аԥсны аҵара аҩаӡара ашьҭыхразы", – азгәеиҭеит Азиз Нурмиев.
Аҭҵааратә цәыргақәҵаҟны иаарԥшуп аусумҭақәа абарҭ азанааҭқәа рыла: афизика, аматематика уҳәа, иара убас "Аԥсуара" акәакь.
Ахәыҷқәа афизика азакәанқәа аадырԥшуан еиуеиԥшым аекспериментқәа рыла.
Ашколтә цәыргақәҵаҟны еиҿкаан "Аԥсуара" акәакьгьы. Уаҟа ахәыҷқәа рысасцәа ирзеиҭарҳәон Аԥсуара закәу, ҵакыс иамоу.
Аҭҵааратә цәыргақәҵаҟны рхы аладырхәит Гагратәи алицеи-интернат 7-тәи, 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа, зынӡа 52-ҩык.
"Зҽалазырхәыр зҭахыз рацәаҩын, аха есышықәса иҿыцу ашколхәыҷқәа адҳаԥхьалоит. Ҳинтернат ахәыҷқәа зегьы рхы аадырԥшырц алшара раҳҭар ҳҭахуп. Ацәыргақәҵа алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҵараҿы шьоук раасҭа ихьысҳау, аха аҭҵааратә цәыргақәҵақәа раан зусумҭақәа бзиаӡоу аҵаҩцәагьы", – иҳәеит Нурмиев.
Иара иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа рхала иаԥырҵон русумҭақәа, аха арҵаҩҵәа ахылаԥшра азыруон. Ацәыргақәҵа алахәылацәа зегьы аҵыхәтәан иранашьазаауеит агәалашәаратә ҳамҭақәа.