АҞӘА, лаҵ 3 — Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 70-шықәса ахыҵра иазку аконцерт мҩаԥысуеит Приднестрово-Молдавиатәи аҳәынҭққарраҿы. Уи рҽаладырхәуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арартист Џьансыхә Чамагәуеи, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҟны аиааирақәа маҷымкәа изгахьоу Ҭемыр Ҭаниеи, Урыстәылатәи амузыкатә академиа астудентка Альдона Цкәуаԥҳаи, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә амузыкатә ҵараиурҭа астудент Анри Аџьбеи, абри атәы Sputnik иазаанаҵҳауеит Приднестровие иҟоу Аҧсны Ахаҭарнакра.
Аҧснытәи артистцәа Приднестровие-Молдавиатәи Аҳәынҭқарра акультуратә маҵзура ирзаанашьҭыз ааҧхьарала Приднестровиаҟа ицеит. Аԥсны ашәаҳәаҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 70-шықәса ахыҵра иазку аконцертқәеи, иара убас, аестрадатә ашәақәа рынагӡаразы иаарту Аҳәынҭқарратә еицлабра ''Приднестровие абжьы'' рхы аладырхәоит.
Аҧсны аҳәынҭқарра артистцәа ашәаҳәаратә еицлабра ''Приднестровие абжьы'' ажиури иалахәхоит, иара убас, асценаҟны сасцәақәак раҳасабала иқәгылоит. Аҧснытәи артистцәа Бендера, Григориополь ақалақьқәа рҟны лаҵара 4, 5 рзы имҩаҧгахо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара амш иазку аконцертқәа рыҽрыладырхәуеит.