АҞӘА, лаҵ 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа литература аҭоурых аҿы зыхьӡ нзыжьыз апоет Алықьса Џьонуа диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит.
"Алықьса Џьонуа ҳаԥсуа литератураҿы иибаз аџьабаа даара ирацәоуп, акыр шықәса ажурнал "Алашара" редактор хадас дахагылан. Уи ирҿиара, аиҳараӡакгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку иажәеинраалақәеи, ибалладақәеи, иара убас, ирацәамзаргьы, иажәабжьқәа аԥсуа литература азыҳәан даара рҵакы дууп", — иҳәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьонуа ирҿиара далацәажәо.
Алықьса Џьонуа Аҟәатәи арҵаҩратә институт доужьҭымҭоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага апоет иԥсадгьыл ахьчаразы афронт ахь дцоит. Аибашьарҿы Алықьса Џьонуа апартизантә еиҿкаара далан Украина. Иҩызцәеи иареи ҭҟәаны иргоит, аха акыр аџьабаа баны ибналоит. Ари аибашьратә епизод аарԥшуп уи иҩымҭа "Апартизанцәа рҭаацәараҿы" аҟны. Алықьса Џьонуа Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы иҩит абарҭ ажәеинраалақәа: "Сан бахь", "Афашизм ҵҟьахоит", "Атҟәа иажәа", "Ахьӡ рчаԥон" уҳәа убас иҵегьы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟнытә даныхынҳә, Џьонуа аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы. Алықьса Џьонуа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан аҭакԥхықәра зцу аҭыԥқәа рҟны.
Алықьса Џьонуа дравторуп аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз аҩымҭақәа "Аҭынчразы ақәԥара", "Аџь-ҵла", апоема "Аҭоуба" уҳәа реиԥш иҟоу, 1984 шықәсазы "Ашьеи абзиабареи" захьӡу ишәҟәазы ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.