АҞӘА, лаҵ 13 – Sputnik, Анжелика Бениа. Италиатәи адраматург Эдуардо де Филиппо ипиеса "Дуаҩуп, даамысҭашәоуп" аԥсуа актиор ҿарацәа Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны иқәдыргылеит аҩаша.
Аспектакль ықәзыргылаз Аԥсны жәлар рартистка, арежиссиор Софа Агәмаа италиатәи апиеса аԥсуа сценаҟны ақәыргыларазы агәаӷьра аҭахын ҳәа азгәалҭеит.
"Апиеса иалоу ахаҿсахьақәа аазырԥшыша, иззаигәоу актиорцәа ҳара иҳаман, иара убри абзоуралоуп еиҳарак изықәҳаргылазгьы. Иара аҵакы ҳара иҳашьашәалоуп. Убри аҟынтә ақәҿиара аиуп ҳәа ҳақәгәыӷуан, аха ус уақәгәыӷны иҟамларгьы ҟалоит, ҳаншәақәозгьы ыҟан. Ус шакәугьы, ҳгәыӷрақәа иашахеит. Сгәаанагарала, ақәҿиара аиуит", – ҳәа аспектакль ашьҭахь лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Софа Агәмаа.
Апиеса ашьҭахь ахәаԥшцәа иазгәарҭон актиор ҿарацәа рыпрофессионалтә хәмарра. Дара ражәақәа рыла, Аԥсны аҿартә политиказа аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба асценаҟны ицәырҵра иззыԥшымыз ак акәын. Алиас Аҩӡба аспектакль аҟны иҟьалахаз акомедиатә театр арежиссиор ироль наигӡеит. Аҩӡба излаиҳәо ала, занааҭла акинои атеатри драктиоруп.
"Сара сзы атеатр ԥсшьароуп. Уажәазы снапы злаку аус аҿар рполитика азы аҳәынҭқарратә еилакы ауп, аха атеатр асценаҟны сцәырҵра иаԥырхагахаша ҳәа акгьы збом. Аҟазара сгәы азцоит. Сызҿу аус иаԥырхагаӡам, уи ауп ихадоу. Ҳәарада ицәгьоуп аилагӡара, аха раԥхьатәи сзанааҭ мап ацәыскып ҳәа сгәы иҭам ", – иҳәеит Аҩӡба.
Иара убас Аҩӡба иазгәеиҭеит Аԥсуа театр қәҿиарала ишеизҳауа, ессаира аҿар рацәа шадԥхьалахо.
"Иааидкыланы ибеиоу атрадициақәа змоу Аԥсны атеатралтә ԥсҭазаара иахьеиҭаҿио, иахьеизҳауа уаргәырӷьоит. Сара сгәаанагарала, Аԥсуа театр аԥсуара, аԥсуа традициақәа рыла еибаркызароуп, аԥсуаа атеатралтә ҟазарахь иаднаԥхьалозароуп", – иҳәеит Аҩӡба.
Алиас Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала, Џьума Аҳәба италиатәи апиеса аԥсшәахь ишахәҭоу аиҭагара илшеит, уи абзоурала актиор ҿарацәа рзы ахәмарра аинтерес аҵан.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иажәақәа рыла, апиеса ахаҭа раԥхьаӡа акәны иқәдыргылеит Нелли Ешԥҳа атеатр данахагылаз аамҭазы. Усҟан лара атеатр аҟны аус зуаз Софа Агәмаа атруппа ианаалаша пиесак еиҭеигарц диҳәеит. Раԥхьаӡа акәны апиеса "Дуаҩуп, даамысҭашәоуп" Аҳәба Ленинград дахәаԥшит, ианиба иаразнак еиликааит ҟазшьалеи, цәанырралеи аԥсуа сцена ишанаалоз.
"Актиор ҿарацәа аԥсуа драматә сценаҟны ари апиеса ықәдыргылар шырҭаху ансарҳәа, хьаас исыман, аха иахьа ианызба сеигәырӷьеит еиҭазгаз иагмырхакәа иацҵаны иахьыхәмарыз. Ибзианы исгәалашәоит Ленинградтәи аспектакль. Уахь, ма Москваҟа санцало атеатр саҭаалоит. Иахьа ҳазхәаԥшыз аспектакль уаҟа иқәдыргылало рышьҭахь игылаӡам", – иазгәеиҭеит Аҳәба.
Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа ишаалыцҳауа ала, лытруппа аԥсуа адраматә театр аҟны Дырмит Гәлиа идрама "Анаурқәа" ақәыргылара ргәы иҭоуп.