АҞӘА, лаҵ 15 – Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Урыстәыла ахадеи иареи реиҿцәажәараан ишьҭыхын Аԥсны Аҳәынҭқарразы ихадароу апроблемақәа маҷымкәа.
Апресс-конференциа цонаҵы аҳәынҭқарра ахада ажурналистҵәа иреилиркааит Владимир Путини иареи реиҿцәажәараан иззааҭгылаз апроблемақәа.
"Ҳаззааҭгылаз атемақәа рацәан. Ҳрылацәажәеит аҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, азинхьчаратә, аинвестициатә еизыҟазаашьақәа. Ҷыдала ҳазааҭгылеит аиқәышаҳаҭра "Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи" анагӡара амҩақәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Аԥсны ахада лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысуаз аиԥыларақәа ртәы далацәажәо иалкааны дазааҭгылеит Апсны аҳәынҭқарра азхаҵара апроблема.
"Иахьа ҳара ҳхы цәырҳамгар, ҳара азхаҵара ҳаламцәажәар, ҳаззыԥшу алҵшәа бзиақәа зыҟалаӡом. Даҽа ҳәынҭқаррак иахьа иааины ҳазхарҵарц азы аҭагылазаашьа ыҟаӡам. Ҳзацәажәоз иреилҳаркааит ҳҭагылазаашьа. Иахьа-уаҵәы ҳазхарымҵаргьы ҳара ҳтәы ҟаҳҵеит, уи азҵаара шьҭаҳхит. Уи аус цәгьоуп, аха аԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳаҿуп, алҵшәа роуп ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Аԥсны ахада.
Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Шәача дыҟанаҵы иара драцәажәеит Белоруссиа, Ермантәыла, Виетнам, Манголиа, Сербиа уҳәа рхадацәа.
Иара убас апресс-конференциаҟны Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит аинвестициатә программақәа рынагӡаразы аусқәа.
"Изныкымкәа исҳәахьеит, ԥыхьа иҟаз аҭагылазаашьа алҵшәақәа умбар залшом. Ус еиԥш еиҭа иҟамларц азы, урҭ аусқәа ҳара ахылаԥшра раҳҭоит. Уаҩҵас азакәан уақәныҟо аусура аҭахуп. Иҳауа аԥара маҷӡам, ҳауаажәлар рҟынӡа инаӡарц азы аҭагылазаашьақәа ҟаҳҵароуп", – иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини еиқәшәеит Шәача лаҵара 15, 2015 шықәсазы.