Аҟәа имҩаԥгахоит агәыҳалалратә концерт

© Фото предоставлено КБФ "Ашана"Культурно-благотворительный фонд "Ашана".
Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" хышықәса раахыс имҩаԥнаго агәыҳалалратә акциа "Ҳаицхырааны аԥсҭазаара еиқәҳархап" 73-ҩык аԥсуа хәыҷқәа рыхәышәтәразы 22 миллион инареиҳаны аԥара еизнагеит.

АҞӘА, лаҵ 20 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Афонд "Ашана" ацхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысуеит Аҟәа, лаҵара 22, асааҭ 18:30, ҳәа афонд "Ашана" Sputnik иазанацҳауеит.
Акциа аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, аконцерт рхы аладырхәоит ареп шәаҳәаҩ Рома Жиган, иара убас аԥсуа аестрада ашәаҳәаҩцәа.

"Ашана" аусзуҩцәа изларҳәо ала, аконцерт еизнаго аԥарақәа зегьы ахәыҷқәа рыхәышәтәрахь ишьҭызаауеит.

Аконцерт цонаҵы амшын аԥшаҳәаҿы иргылазаауеит "Агәыҳалалратә шәындыҟәра хәыҷқәа", урҭ 2014 шықәса нанҳәамза инаркны адәқьанқәа, ауаажәларратә хыбрақәа рыҟны иргылан.

"Ҳарҭ зегьы лаҵара 22 ахәылбыҽха амузыка бзиа азыӡырҩреи ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи рзы алшара ҳамазаауеит", – аҳәоит агәыҳалалратә фонд аацҳамҭаҟны.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Џьевеира Колосова лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы афонд апрограмма хада – апроект "Ҳаицхырааны аԥсҭазаара еиқәҳархап" ауп.

"Ҳара фондк аҳасабала ҳмиссиа иақәшәо, аԥсҭазара аиӷьхара иацхыраауа еиуеиԥшым апроектқәа рзы ҳаартуп", – азгәалҭеит афонд адиректор.

Колосова лажәақәа рыла, "Ашана" иарбан милаҭзаалакгьы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирыцхыраауеит, иаҭаху Аԥсны ишынхо азы ақьаад заҵәык ауп.

"Раԥхьаӡа акәны ацхыраара заҳҭаз ахәыҷы милаҭла Киргизиатәын, Абдулажан Иусупов ихьӡын, иара игәы агра бааԥсқәа хԥа аман. Игәылацәа Аԥсны дшынхаҵәҟьо дыршаҳаҭит. Ахәыҷы ихәышәтәра 60 нызқь мааҭ еиҳаны ианаҭаххо, афонд ацхыраара ҟанаҵоит", – ҳәа азгәалҭеит лара.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Ажәабжьқәа зегьы
0