АҞӘА, лаҵ 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Рашәарамза акы инаркны Аҟәеи Санкт-Петербурги рыбжьара адәыӷба бжьалоит, иҳәеит ареспубликатә унитартә еилакы "Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабы Гәырам Гәбаз.
"Аҟәеи Санкт-Петербурги еимаздо адәыӷба раԥхьатәи ареис Санкт-Петербургынтәи идәықәлоит лаҵарамза 29 асааҭ 1.30 минуҭи рзы, Аҟәа иааиуеит рашәарамза 1, асааҭ 19.46 минуҭ рзы. Адәыӷба ҩаха-ҩымш амҩа иқәхоит. Уи Аҟәеи Санкт-Петербурги ирыбжьазаауеит аԥсшьаратә сезон нҵәаанӡа", — ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.
Адәыӷба абилеҭ аплацкарт ахә 4155 мааҭ иаԥсоуп, акупе – 6930. "Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабыра ражәақәа рыла, адәыӷба Псковынтә даҽа ҩ-вагонк ацырҵоит. Иҟоуп иара убас агәҭакқәа Аҟәеи Белгороди рыбжьара адәыӷба абжьаҵаразы.
Гәырам Гәбаз иажәақәа рыла, адәыӷбақәа рыхәԥса лаҵарамза 5, 2015 шықәса инаркны 35 процент рыла еиҵхеит.
"Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы аурыс мааҭ аганахь ала аволиутақәа ркурс азҳара иахҟьаны жәларбжьаратәи ареисқәа рыхәԥса иацлеит, уи азы "Урыстәыла аихамҩақәеи" ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит ахәқәа рыларҟәразы", — иҳәеит Гәбаз.
"Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Маан ишазгәеиҭо ала, есышықәса авагонқәа рыҩнуҵҟа апасаџьырцәа рзы иманшәалахоит.
"Уаанӡа авагонқәа ажәын, аԥенџьырқәа аатӡомызт, шоуран. Уажәы уаҟа акомфорт ыҟоуп, ауаа рзы уи акыр иманшәалоуп. Аԥсныҟа иаауа адәыӷба 18 вагон амоуп", — азгәеиҭеит Марганиа.
"Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабыра излархәо ала, 2014 шықәсазы еихамҩала инеиааит 200 нызқьҩык ауаа. 2015 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.