Риҵатәи аҳәырԥсарра ҩажәамш рыла аа-миллионк аԥара арҳаит

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡиа Риҵа
Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу амза ҩажәамш рыла Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аусуаҩцәа ирҭиит 22 966 билеҭ, ахәыҷқәа ирызку 732 билеҭ, иааидкыланы уи 8 миллионки 111 нызқьи 300 мааҭ ҟанаҵеит.

ГАГРА, лаҵ 20 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Лаҵарамза аныҳәақәа рзы Риҵатәи аҳәырԥсарра аҭааит аԥсшьацәа маҷымкәа. Ҵыԥх уажәааны иҭиин ҩ-миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа, сынтәа иҭиин 22966 билеҭ адуцәа рзы, ахәыҷқәа рзы 732 билеҭ. Уи 8 миллионки 111 нызқьи 300 мааҭ ҟанаҵеит.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа - Sputnik Аҧсны
Авҭандил Гарцкьиа: миллионҩык аԥсшьаҩцәа рыдкылара ҳазхиоуп

Агәаҭара-аушьҭратә пункт аиҳабы Адамыр Ҭаниа иажәақәа рыла, уажәы аусурақәа цоит аушьҭратә пункт акәша-мыкәша арыцқьаразы.

"Ҩ-шлагбаумк ҳаргылеит. Иара убас, лаҵарамза 1 инаркны аусура иалагоит акассатә кабинақәа ҩба. Акассатә кабинақәа рҟны ишьақәыргылахоит авидеокамерақәа. Агәыӷра ҳамоуп агәаранқәа ҟамлап ҳәа. Сменак аҟны аус рулоит акассирцәа ҩыџьа", — иҳәеит Адамыр Ҭаниа.

Иазгәаҭатәуп, иара убас, Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссарахь анеиразы абилеҭқәа рыхәқәа ԥсахра рмоуит, ҵыԥх еиԥш адуцәа рзы абилеҭ 350 мааҭ иаԥсоуп, 100 мааҭк иаԥсоуп ахәыҷқәа рбилеҭ, аа-шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа хәыда-ԥсада инеиуеит.

Мшаԥымза 1 инаркны 30-нӡа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иарҳаит 3 845 400 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0