Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа

© Sputnik Илона ХварцкияКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

АҞӘА, лаҵ 21 — Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит.

Иахьа ашьыжь атәыла ашколқәа зегьы рҟны ҳашьцәа ргәалашәаразы ацәаҳәақәа еиҿыркааит. Аҟәа, амҳаџьырцәа рбаҟахьы имҩахыҵит Аԥсны ахадара, ауаажәларра, амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ашколхәыҷқәа.

Амшыннырцә иҟоу ҳашьцәа ахҵәара иазку рхәыцрақәа ҳацеиҩыршеит

Амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг аҿы дыкәгылеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

"Ҳажәлар ргәырҽануп. Ҳара акгьы ҳхамышҭӡеит, агәхашҭрагьы азин ҳнаҭом ҳазҭагылоу аамҭа. Ҵыхәаԥҵәара змамыз ари аибашьраҟны ашьхарыуаа ирыхьчон дара рзыҳәан зегьы иреиҳаз, иԥшьаз, иԥсеиқәырхагаз аилкаарақәа: аџьынџь, ахақәиҭра, аԥеиԥш, ахәышҭаараҭыԥ, ахьӡ ахьымӡӷ. Ирыхьчон уаҩ иимбац агәымшәара аарԥшны. Акыр жәашықәса имҩаԥысуаз аҿагылара алыҵшәа аҭоурых ианхалеит нбан еиқәаҵәала. Амшынеиқәа наунагӡа иԥсыжырҭахеит ҳабацәа рзы. Иахьа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа, ачерқьесқәа рҽеидкыланы иазықәԥоит рҭоурыхтә ԥсадгьылқәа рахь ахынҳәра", – иҳәеит Занҭариа.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аусӡбатә хадақәа ируакуп – аԥсуаа ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра.

Шықәсқәак раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи ихынҳәыз Ҳандан Папԥҳа иҳалҳәеит лара лхзы арыцхә – лаҵара 21 ҵакыс иамоу.

"Сара сзы иахьатәи амш шыхьанҭоугьы ахынҳәра иамшуп. Аха уажәшьҭа ара сара аҵәыуарагьы, ахьаарагьы сҭахӡам. Избан акәзар сара сзы уажәшьҭа ари ахынҳәра иамшуп, ахҵәара амшгьы акәым. Сара сыдгьыл сықәгылоуп, сыҵлақәа збоит, стәыла аҳауа сфоит. Сара сыԥсадгьыл ахь схынҳәит", – лҳәеит Папԥҳа.

Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба ахҵәара иадҳәалоу игәаанагарақәа ҳацеиҩишеит.

"Иахьа ахҵәара иамшуп. 151 шықәса ҵит ари атрагедиа ҟалеижьҭеи, аха уа аԥсуаа рыҽдырӷәӷәан, ҳабызшәа, ҳаԥсуара дмырӡӡеит, иахьынӡарылшоз ҳара ҳҟынӡа иааргеит.  Иахьа араҟа иҳамоуп ахақәиҭра. Ҳабацәа мчыла ихырҵаз ацҳақәа ҳара иаҳзымыхьчо ҳалагеит. Усҟан иԥахны ҳазҭакыз аихатә ҭӡамцқәа ԥҽны ацҳа ҿыцқәа хырҵеит. Аибашьра бызшәа ҳҭахӡам, иҟаз ҳхамшҭлароуп ҳаԥхьаҟа ҳԥеиԥш ирыхҭамсырц азы. Аԥсуа ҳахьыҟазалакгьы ҳнапқәа еибаркны, ҳаидгыланы ҳаҟазароуп, ҳԥеиԥш ҳазықәԥалароуп", – азгәеиҭеит Қәҭарба.

Амитинг ашьҭахь, асааҭ 12:00 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" ықәдыргылоит.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0