Амҳаџьырцәа ргәаларшәаратә хәылԥазы

Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәларреи асасцәеи, лаҵара 21 ахәылбыҽха.

Агәаларшәаратә хәылԥаз аартын гәыԥ-гәыԥла ауаа амца кны амҳаџьырцәа рбаҟахьы рнеирала. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә Амҳаџџьырцәа рбаҟахьы аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.

Абаҟаҿы ажәлар анеиза ашьҭахь Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа зныԥшуа, амҳаџьырра иазкыз афильм дырбан.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥаз хыркәшан Нарҭаа рымца аиқәҵарала. Уи амца есышықәса Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны еиқәырҵоит.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.

© Sputnik Томас ТхайцукМаи 21, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш аҽны Аҟәа ақалақьуааи, асасцәеи гәыԥ-гәыԥла амца кны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә Амҳаџьырцәа рбаҟахьы амҩа иқәлеит, уи аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
1/13
Маи 21, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш аҽны Аҟәа ақалақьуааи, асасцәеи гәыԥ-гәыԥла амца кны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә Амҳаџьырцәа рбаҟахьы амҩа иқәлеит, уи аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуаа атәымџьара ианнанагагьы ихьамҵкәа, егьа уадаҩ иақәшәаргьы ахеиқәырхара рылзыршаз рдоуҳа ауп. Иахьа, 151 шықәса рышьҭахь, арҭ аҭоурыхтә хҭыс еиқәаҵәақәа наӡаӡа ргәалашәараҿы инхоит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
2/13
Аԥсуаа атәымџьара ианнанагагьы ихьамҵкәа, егьа уадаҩ иақәшәаргьы ахеиқәырхара рылзыршаз рдоуҳа ауп. Иахьа, 151 шықәса рышьҭахь, арҭ аҭоурыхтә хҭыс еиқәаҵәақәа наӡаӡа ргәалашәараҿы инхоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗегь реиҳа еиҵбацәаз лаҵара 21 амш аҳәынҭқәарра абираҟ шьҭыхны рхы аладырхәит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
3/13
Зегь реиҳа еиҵбацәаз лаҵара 21 амш аҳәынҭқәарра абираҟ шьҭыхны рхы аладырхәит.
© Sputnik Томас ТхайцукЗҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ари амш аҽны рабдуцәа рлахьынҵа цәгьа азы ахәыцрақәа рацәаны ирызцәырҵуеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
4/13
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ари амш аҽны рабдуцәа рлахьынҵа цәгьа азы ахәыцрақәа рацәаны ирызцәырҵуеит.
Амҳаџьыррахь аныҟәара рхы аладырхәит аҳәынҭқарра амилаҭтә ансамбльқәа рыкәашацәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
5/13
Амҳаџьыррахь аныҟәара рхы аладырхәит аҳәынҭқарра амилаҭтә ансамбльқәа рыкәашацәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа солдаҭцәа рхы шьҭыхны аныҟәара иахагылан, рнапаҟны амца жжаӡа иркын.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
6/13
Аԥсуа солдаҭцәа рхы шьҭыхны аныҟәара иахагылан, рнапаҟны амца жжаӡа иркын.
© Sputnik Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иахҟьаны 1,5 миллионҩык ауаа рҟынӡа, урҭ рҟынтә аԥсуаа 400-ҩык инаркны 500-ҩык мчыла рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа ихцан.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
7/13
Кавказтәи аибашьра иахҟьаны 1,5 миллионҩык ауаа рҟынӡа, урҭ рҟынтә аԥсуаа 400-ҩык инаркны 500-ҩык мчыла рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа ихцан.
© Sputnik Томас ТхайцукСергеи Багапшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә иалагаз аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
8/13
Сергеи Багапшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә иалагаз аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.
© Sputnik Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
9/13
Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза.
© Sputnik Томас ТхайцукАбаҟа аԥхьа ажәлар анеиза Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа зныԥшуа, амҳаџьырра иазкыз афильм дырбан.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
10/13
Абаҟа аԥхьа ажәлар анеиза Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа зныԥшуа, амҳаџьырра иазкыз афильм дырбан.
© Sputnik Томас ТхайцукНарҭаа рхәышҭаара иаакәыршаны ҳџьынџьуаа амцақәа кны игылеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
11/13
Нарҭаа рхәышҭаара иаакәыршаны ҳџьынџьуаа амцақәа кны игылеит.
© Sputnik Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥазы хыркәшан Нарҭаа рымца аиқәҵарала. Уи амца есышықәса Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны еиқәырҵоит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
12/13
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥазы хыркәшан Нарҭаа рымца аиқәҵарала. Уи амца есышықәса Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны еиқәырҵоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАгәаларшәаратә хәылԥазы анҵәамҭаз изҭахыз зегьы ацәашьқәа, ашәҭқәа амшын ихырҵон.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
13/13
Агәаларшәаратә хәылԥазы анҵәамҭаз изҭахыз зегьы ацәашьқәа, ашәҭқәа амшын ихырҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0