АҞӘА, лаҵ 23 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Ацқьа Симон Кананит имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәамаҿ аныҳәа хадақәа ируакуп, иҳәеит Аҟәатәи акафедралтә уахәама апап Афанаси.
Ацқьа апостол Симон Кананит Аԥсны аиашахаҵара аларҵәара, анцәа иажәа ауаа рҟнынӡа анагара даҿын, азгәеиҭеит ауахәама аусзуаҩ.
"Ари аныҳәа даара акыр аҵанакуеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо. Симон Кананит ихьӡ каҳмыршәроуп, избанзар уи анцәа иажәа Аԥсны иааигеит, ауаа ирылаирҵәеит. Уи иахҟьаны иԥсҭазаара далырхит", — азгәеиҭеит аб Афанаси.
Симон Кананит имш азгәаҭара аиашахаҵара иқәныҟәо ауаа зегь рзыҳәа гәырӷьара дууп, иҳәеит анцәа дхазҵо Владислав Хәаталанӡиа.
"Сара ари аныҳәа сҽаласырхәуеит, избанзар Симон Кананит ибзоурала аԥсуа уахәама апостолтә ҳәа азырҳәо иалагеит. Аԥсны аиашахаҵара ныҟәызго зегьы ари амш рыдысныҳәалоит", — иҳәеит Хәаталанӡиа.
Ацқьа Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.
Ацқьа Симон Кананит инықәырԥшны ҳера ҟалаанӡа 55 шықәсазы Афон Ҿыц аҳаԥаҿы аӡиас Ԥсырцха азааигәара анхара далагеит. I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Кананит анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.