Ауаажәларратә палата: аушьҭымҭатә хәылԥазқәа аҵаҩцәа ирзааныжьтәуп

© Фото : Элина ПапаскириАуаажәларратә палата: аушьҭымҭатә хәылԥазықәа аҵаҩцәа ирзааныжьтәуп
Ауаажәларратә палата: аушьҭымҭатә хәылԥазықәа аҵаҩцәа ирзааныжьтәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколхәыҷқәа роушьҭымҭатә хәылԥазқәа рыламҭалазы Ауаажәларратә палата алахәылацәа ргәаанагара рҳәеит ахәылԥазқәа рымҩаԥгара иазкны.

АҞӘА, лаҵ 24 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аушьҭратә хәылԥазқәа ашколхәыҷқәа рзы акырзҵазкуа хҭысуп, урҭ рныҳәа рымхра иашам, лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуаҩ, Ауаажәларратә палата алахәыла Цира Габниаԥҳа.

Уи лгәаанагарала, аушьҭымҭатә хәылԥазы етап ҿыцуп ашколхәыҷқәа рзы.

"Сара садгылоит ари ахәылԥаз аҟны иԥшӡаны еилаҳәаны аресторанқәа рахь иахьнеиуа. Анацәеи абацәеи зегьы ирҭахуп рхәыҷы иԥшӡаны деилаҳәазар, ихаҭара иҭеиҭԥшла иааирԥшыр", — азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Уи ус шакәугьы, аҭаацәарақәа инырхуа аԥарақәа иахьрыгырхатәу ыҟоуп, ҳәа лгәы иаанагоит Габниаԥҳа. Убас, уи иазгәалҭеит аушьҭратә хәылԥазқәа хԥа реиҿкаара шмыцхәу: ақалақьтә, ашколтә, ареспубликатә – уи зуалафахәы маҷу аҭаацәа рзы ауадаҩрақәа ацуп.

Ауаажәларратә палата алахәыла Елена Кобахьиаԥҳа лгәаанагарала, аушьҭратә хәылԥазқәа рымҩаԥгара аформат аҽаԥсахроуп.
"Ахәылԥазқәа рымҩаԥгара аформат ԥсахтәуп. Абжьааԥнытәи аишәа архиара аушьҭратә хәылԥазқәа рзы ианаалом. Уи ахаҭыԥан имҩаԥгалазар еиӷьуп иаҳҳәап атеатралтә қәгыларақәа рыла", — лҳәеит Кобахьиаԥҳа.

Уи лажәақәа рыла, аушьҭратә хәылԥазқәа имыцхәу ахарџь ахьрыцу азы аҭаацәа ауадаҩрақәа рызцәырнагоит. Абри аҭагылазаашьа аҟны ахәыҷқәа еилыркаарала рҭаацәара ирызнеироуп.
"Аушьҭымҭацәа рхаҭа мап ацәыркыр уажәтәи аформат, зегьы иреиӷьхон. Адунеи аҟны имаҷым ахҭысқәа аушьҭымҭацәа рымаҭәа аахәараз аҭаацәа ирырҭо аԥарақәа агәыҳалалра ашҟа ианырышьҭуа. Уи аушьҭымҭацәа рхаҭа ирыӡбоит", — азгәалҭеит Кобахьиаԥҳа.

Уи излалҳәо ала, зыхә цәгьоу аҳамҭақәа арҵаҩцәа арыҭара шьцылароуп.

"Арҵаҩцәа зегьы аҳамҭақәа арыҭара аҭахӡам. Ари ашьцылара аҟәыҵра аҭахуп. Уи ахаҭыԥан иаҳҳәап ашколтә баҳчаҿы аҵлақәа еиҭарҳар, ма аанда ршәыр, мамзаргьы аԥара еилаԥсаны ашкол азы акомпиутер ҿыц аархәар еиӷьуп", — лҳәеит Кобахьиаԥҳа.

Аҵара аминистрра иамоу адыррақәа рыла, 11-тәи акласс аҿы итәоу аушьҭымҭацәа 2015 шықәсазы инаӡоит 2032-ҩык.

Мшаԥымза 6, 2015 шықәсазы Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәҵара аднакылеит "Азеиԥш ҵараиурҭақәа рҟны аушьҭратә хәылԥазқәа рымҩаԥгаразы". Уи излаҳәо ала, ашколқәа рҟны зыхә цәгьоу аҳамҭақәа раахәаразы аԥара аизгара азин ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0