Анапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны" Кипр аицлабра рҽаладырхәуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАнапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны" Кипр ихәмароит
Анапылампылтә команда Аҟәа-Аԥсны Кипр ихәмароит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны анапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны" Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра Аҩадатәи Кипр имҩаԥгахо актәи жәларбжьаратәи анапылампылтә еицлабра рҽаладырхәуеит.

АҞӘА, лаҵ 27 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы, Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуа актәи жәларбжьаратәи анапылампылтә еицлабра Апснынтә иалахәуп анапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны", абри атәы ааицҳауеит Аԥснытәи анапылампылампылтә команда ахәмарҩы Дуниа Ҷкәан.

Дуниа Ҷкәан шықәсқәак Кипр анапылампылтә команда далахәын, ҩышықәса раахыс Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит. Иара иажәақәа рыла арҭ амшқәа рзы, Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуа актәи жәларбжьаратәи анапылампылтә еицлабра Апснынтә иалахәуп анапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны".

"Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ас еиԥш иҟоу ачемпионат Аԥснынтәи рхы аладырхәуиежьҭеи ахәмарыҩцәа. Сынтәа раԥхьаӡа акәны ҳкоманда ааԥхьара аиуит Аҩадатәи Кипрҟа", – иааицҳауеит Дуниа Ҷкәан.

Аицлабра аиҿкаара ахарџьқәа рыхәҭак рхахьы иргоит аԥшәмацәа, ахәҭак Аԥсны абҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы, ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны Жәларбжьаратәи Афонд", ахәаахәҭратә наплакы "Флагман", иара убас ҳџьынџьуаҩ Еркут Аӡынба.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, акрааҵуеит Аҩадатәи Кипри дареи аусеицуразы аимадарақәа рыбжьарҵеижьҭеи.

"Даара гәахәас иҟаҳҵоит Аԥснынтәи ҳнапылампыласыҩцәа Аҩада Кипрҟа ааԥхьара ахьроуз. Ҳәарада асеиԥш иҟоу апроектқәа адгылареи ацхыраареи раҳҭоит излаҳалшо ала. Амилаҭ агәабзиарахьчара – аспорт ацхыраара аҭароуп. Ҳкоманда алахәцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаҳшьоит" – иҳәеит Гогәуа.

Иара убас, Гогуа иациҵеит уаҟа Аҩадатәи Кипр апарламент аиҳаби, адепутатцәеи Аԥснытәи аделегациеи реиԥылара шазгәаҭоу атәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0